Захарова урыстәылатәи ажурналистцәа Минск раанкылара дақәыӡбеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг официального представителя МИД России М. Захаровой
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 9 рзы Белоруссиа имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа анадыркы ашьҭахь аҿагыларатә акциақәа ирылагеит. Абарҭ акциақәа раан иаанкылан урыстәылатәи ажурналистцәагьы.

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова урыстәылатәи ажурналистцәа Минск раанкылара ахҳәаа алҭеит.

Захарова белоруссиатәи азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьа иашам ҳәа азылҳәеит.

"Иахьа хәышықәсоуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнакс сыҟоижьҭеи. Сгәы иаанагомызт абри амш азы урыстәылатәи ажурналистцәа аиашьаратә Белоруссиа азинхьчаҩцәа рҟынтәи исыхьчароуп ҳәа", - лыҩуеит лара Facebook аҿтәи лаккаунт аҿы.

Захарова илҳәеит, ажурналистцәа аус ахьыруа атәыла азакәанқәа пату рықәҵо аус рулар шакәу.

"Журналистцәақәак заанаҵы ишахәҭаз еиԥш аккредитациа аиуразы азыҳәа ҟарҵеит, аха ирырымҭеит. Уажәы уи ацынхәрас иаанкылоуп лабала рхы иаснуеит", - азгәалҭеит адипломат.

"Аишьцәа ус рзеибамуроуп. Ас ииашам", - еихылшьаалеит Захарова.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0