Нежьаҭ Аргəын: саӡəыкны сыԥсадгьыл аҿы саԥсуара ныҟəызгар сҭахуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаНежьаҭ Аргәын
Нежьаҭ Аргәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра агәалашәара амш нанҳәа 14 рзы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аветеран, ҳџьынџьуаҩ Нежьаҭ Аргəын иԥсҭазааратə мҩа иазку ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭа.

Ҵабалаа рхылҵшьҭра ахьынхо Енегиоль иаҵанакуа Мезиҭ ақыҭа иалҵыз Нежьаҭ Аргəын даныҩеидас инаркны Аԥсныҟа дызлаара дашьҭан. Аха, убас еиԥш иҟалеит, ҳаԥсадгьыл амца шыра ианалагыла, ҳаӷацəа анақəла,  Ҭырқəтəылантəи  раԥхьаӡа зҽеидкыланы иааз ҳџьынџьуаа ргəыԥ далахəын.  Убри нахыс иԥсадгьыл аҿы дынхеит,  иԥсҭазаара иабдуцəа рыдгьыл аҿы имҩасуеит.  

"Мезиҭ ақыҭаҿы сиит, уа сааӡеит. Аԥсны Ҵабал иҭыҵқəаз роуп сара схылҵшьҭра. Арантə ахҵəара зықəшəаз сабду иабду иоуп.  Саб Ваасыф ихьӡын, сабду Аиваз ихьӡын, уи иаб Ҳасан, Ҳасан иаб Феҭқьери иоуп Аԥснынтə ихҵəаз. Сан Папбҳа Шьенаи, уи лан Қаҩԥҳан, Беҳие лыхьӡын, саб иан Махариаԥҳан Макбулиа лыхьӡын. Сара исгəалашəартə еиԥш сырхаанӡам, аха ибзианы издыруан сабду иаҳəшьцəа ҩыџьа", - иҳəеит Нежьаҭ Аргəын.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аветеран Нежьаҭ Аргəын иазгəеиҭеит, иабду иаҳəшьцəа еснагь Аԥсны аӡбахə ишалацəажəоз. Ахəыҷқəа рыхшыҩ иԥнаҟартə еиԥш, алакə ҟазшьа аҭаны ажəабжьқəа шырзеиҭарҳəоз. Еиҳарак ихаҟны иаанхаз "Гагра амҩа кны итəан..." - ҳəа лассы-лассы Гагра аӡбахə анырҳəалоз ауп.

© Фото : Н. Аргәын ихатә архив аҟынтәНежьаҭ Аргәын
Нежьаҭ Аргəын: саӡəыкны сыԥсадгьыл аҿы саԥсуара ныҟəызгар сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Нежьаҭ Аргәын

"Ҳара  аҭаацəараҿы ԥшьҩык аишьцəеи еҳəшьаки иҳазҳауан. Аибашьра анеилга, 1994 шықəса рзы сҭаацəа зегьы сыманы Аԥсныҟа сааит, саб рыцҳа ара идунеи иԥсахит, ара анышə дамадоуп. Сашьцəа ҩыџьа Гиунгори Ведаҭи ара инхоит, сашьеиҳаби саҳəшьеи Ҭырқəтəыла иҟоуп. Аԥсныҟа санаауазгьы аԥсышəала сцəажəон, избанзар схəыҷаахыс исаҳауаз аԥсуа бызшəа акəын", - иҳəеит Нежьаҭ Аргəын.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

Нежьаҭ Аргəын ҳаиҿцəажəараҟны дазааҭгылеит, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра иалагеит ҳəа аниаҳа, раԥхьатəи амшқəа рзы Аԥсныҟа иаауаз арԥарцəа ргəыԥ даланы дшааз.

"Аибашьра иалагаанӡагьы Аԥсныҟа аара ҳгəы иҭан, аха шəымбои, ари ахҭыс ҳаԥсадгьыл ахь ҳаара арццакит. Аԥсны Афырхаҵа Баҳадыр Абаӷба, сара уҳəа гəыԥҩык аԥсуаа апаспортқəа ҟаҳҵахьан Урыстəыла аҭырқəа ифирмак ахь аусура ҳаауазшəа, нас уахьынтə арахь ҳабналаны ҳааразы. Абас гəҭахəыцрақəак шҳамаз ауп Аԥсны аибашьра ишалагазгьы. Аибашьра ианалагаз аҽны Аԥснынтə ашəаҳəаҩцəа ргəыԥ  "ТОМ и Ф" Енегиоль аконцерт мҩаԥыргон: Одик Аџьынџьал, Анатоли Алҭеиба, Мизан Даӷəыз, Фаина Матуаԥҳа . Ҩба-хԥа ашəа аарҳəахьан еиԥш, адырра ҳарҭеит Аԥсны аибашьра ишалагаз", - иҳəеит Нежьаҭ Аргəын.

Абасала,  аԥсуа шəаҳəашьҭыбжьы иаԥсахит ажəабжь хлымӡаах, уи заҳаз зегьы рцəа иҭанарӡыӡааит. ԥшрак ҳəа ҟамҵакəа арԥарцəа Аԥсныҟа излаара амҩа иашьҭалеит.

© Фото : Н. Аргәын ихатә архив аҟынтәНежьаҭ Аргәын
Нежьаҭ Аргəын: саӡəыкны сыԥсадгьыл аҿы саԥсуара ныҟəызгар сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Нежьаҭ Аргәын

"Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы иҭахақəаз Ведаҭ Кəаӡба, Баҳадыр Абаӷба, Зафер Аргəын,  шықəсқəак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз Иџьааби Агрба, иахьа зԥсадгьыл аҿы инхо Рыдуан Агрба,  Арда Аргəын уҳəа Енегиоль инхақəоз ҳааизан Адаԥазарҟа  ҳааит. Уаҟа аҷкəынцəеи ҳареи ҳаибадырын, ҳааицəаажəан   ԥшрак ҳəа ҟамҵакəа Аԥсныҟа ҳҿааҳхеит, 40-ҩык рҟынӡа ҳаицын", - иҳəеит аибашьра аветеран.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Аргәын: ҳџьынџьуаҩ Ведаҭ Кәаӡба ҳаӷацәа рхы дзацәымцеит

Аԥсуа гəаӷь зызҭаз, афырхаҵара зшьа-зда иалаз ҳаԥсуа еибашьцəа рыԥсадгьыл ахьчаразы рыԥсҭазаара еигӡомызт. Аԥсра абла иҭаԥшны ицон ԥхьаҟа, ԥхьаҟа ахақəиҭрамҩахь.

"Раԥхьа Гəдоуҭа асасааирҭа  "Черноморец“ аҿы ҳанхон. Аҭыԥантəи аԥсуаа акыр иҳахӡыӡаауан, "шəсасцəоуп" - ҳəа џьаргьы ҳрышьҭуамызт. Автомат макьана ишəаҳҭаӡом ҳəа анырҳəа, "ҳахьааз ҳцоит" - ҳҳəан, иҳамуит. Ашьҭахь аиҳабыра аазхəыцын, ааҩык раҟара автоматқəа ҳарҭеит. Ешыра ахахьы ҳаргеит раԥхьа, ҩымшҟа уа ҳанхеит, аха постқəа рахь ҳармышьҭӡеит. Ашьҭахь, аҳаирпланқəа анхыла, ахысра ианалага, ҳаԥык ҳҭарҵеит, аҳаԥы аҟынтəи Гəдоуҭаҟа ҳаиҭааит", - ҳəа азгəеиҭеит Нежьаҭ Аргəын.

Аибашьра амца шыра иалагылаз аибашьцəа дара дара еихӡыӡаауан. Ҭырқəтəылантəи иааз ҳашьцəа ракəзар, рыбла аҷыц еиԥш иреиҷаҳауан аҭыԥантəи аԥсуаа. Аха, зегь акоуп рыԥсадгьыл аҿаԥхьа руалԥшьа нарыгӡон, акы иааннакыломызт.

© Фото : Н. Аргәын ихатә архив аҟынтәНежьаҭ Аргәын
Нежьаҭ Аргəын: саӡəыкны сыԥсадгьыл аҿы саԥсуара ныҟəызгар сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Нежьаҭ Аргәын

"Гəдоуҭа ҳаннеи убас еиԥш ҳаӡбеит, Шьандуан Ажəанба еиҳабыс дныҟаҵаны ҳхатə гəыԥк аԥаҳҵарц. Аиҿкааратə усқəа ҳшырҿыз Шамиль Басаеви ҳареи ҳаибадырит, нас уи игəыԥ ҳалалеит, раԥхьагьы аибашьра Гагрантə ҳалагеит ҳара", - иҳəеит Нежьаҭ Аргəын.

Шьандуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
"Сҳамҭа - Аԥсноуп, иҳамоу ҳхақәиҭра ауп": Шьандуан Ажәанба игәалашәаразы

Аибашьра иамоуп ахатə ԥҟарақəа, ирацəоуп угəы ҭызшьаауа ахҭысқəа, аԥсҭбарақəа зцу амшқəа,  ус шаҟа хкы? Зыԥсадгьыл лабҿаба абара иазгəаҟуаз ҳџьынџьуаа ракəзар, зегь реиҳа ианыуадаҩыз аамҭа рықəшəеит, аха гəеицакрак ҟамҵакəа рашьцəа иарӷьажəҩаны ирывагылеит. Аиашьа ижəҩахыр аӷəӷəара рныԥшит аҭыԥантəи аԥсуаагьы.

"Бзыԥҭантəи иаакəыршаны Гагра ҳалалон, ацҳа ашьҭахь амандаринаҭрала ҳашцоз Аҳмеҭ ҳəа иҳацыз аибашьҩы дырхəит, уи дырхəаанӡа ҟабарда ҷкəынак дыҟан Ҭуран ихьӡын уигь дырхəит, даҽа ҷкəынакгьы Бурҳан Кьылба ҳəа , уигьы ахəра иоуит. Ахəцəа алганы идəықəаҳҵеит.  Ҭемыр Жанаа  (Шамиль инаҩс командаҟаҵаҩыс  иара дҟарҵеит)  уҳəа аҷкəынцəа ҳаицын. Аҳмеҭ Чачан ишьапқəа рыҩбагьы пулемиотла еихсны ирӷӷа икажьын, дзымныҟəо ашьа ицəцон. Рыдуан Агрбеи, сареи, Шамба ҷкəынаки дҳаманы  ҳшаауаз, амҩагы ҳаздыруамызт, џьара ҳҭашəеит,  Аҳмеҭ аԥсра даҿуп, „аӡы, аӡы“-иҳəозаап, ҳара иаҳзеилкаауам ииҳəо, ашабара даҿын... Асааҭ ҩба шыҟаз Гагра уахьналало убра ҳара ҳтəқəа ҳақəшəан, амашьынала Гəдоуҭаҟа ддəықəаҳҵеит, нас ҳара ҳаибашьратə мҩа иацаҳҵеит", - ихəыцрақəа ҳацеиҩишеит Нежьаҭ Аргəын.

© Фото : Н. Аргәын ихатә архив аҟынтәАгәҭа игылоу Нежьаҭ Аргәын, арыӷьарахьала - Сергеи Ҳамыҭ
Нежьаҭ Аргəын: саӡəыкны сыԥсадгьыл аҿы саԥсуара ныҟəызгар сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Агәҭа игылоу Нежьаҭ Аргәын, арыӷьарахьала - Сергеи Ҳамыҭ

Аибашьҩы дызлахəыз ахҭысқəа рацəоуп, урҭ зегьы реиҭаҳəара иара изы ԥсҭазаарак иаҩсуеит. Акыр ихьааигоит ивыршьааз иҩызцəа, Аԥсныҟа амҩа ианықəлоз ргəалаҟазаара зеиԥшраз ахааназгьы ихашҭуам, рхаҿсахьа лашақəа наунагӡа ибла ихгылоуп.

"Ҳаибашьцəа зегьы фырхацəоуп. Иҭахақəаз зегьы,  иара убас  зыԥсы ҭаны иҟоу  рыбзоурала ҳаԥсадгьыл Аиааира агеит, ҳажəлар цəгьара уаҳа иақəумыршəан, иухамшҭуа ахҭысқəа ирықəшəахьеит ҳауаажəлар.  Досу инапы злаку аусқəа иқəманшəалахааит, рыхшара рыла абзиара рбааит, амшын нырцə иҟоу аԥсуаа рыҩнгəакьахь  Аԥсныҟа раара алыршахааит.  Аԥсуа иитəу адгьыл Аԥсынроуп. Сара саӡəыкны сыԥсадгьыл аҿы саԥсуара ныҟəызгар  сҭахуп. Ҳажəлар зегьы агəабзиареи агəамчи рзеиӷьасшьоит, ҳ-Аԥсынра ҳагымзааит!", - иҳəеит Нежьаҭ Аргəын.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аветеран, хҩык ахшара раб Нежьаҭ Аргəыни ҳаибашьцəеи рҿаԥхьа ҳхырхəоит, рџьабаазы ҭабуп ҳəа раҳҳəоит!

 

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0