АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҵарашықәс ҿыц цәыббра 1 азы иаладыргарц ргәы иҭоуп иҳәеит аҵара аминистр Инал Габлиа, ахәаша, нанҳәа 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуа апресс-конференциаҟны.
"Аҵарашықәс цәыббра 1 азы ҳалагар ҳҭахуп, аҭагылазаашьа маншәалахар", - иҳәеит Габлиа, иагьациҵеит ашколқәа ахәыҷқәа рыдкыларазы аҽазыҟаҵарақәа ишрылагахьоу.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа, ашколқәа, аҵараиурҭақәа, аспорттә секциақәа русура ааннакылеит авирус аламырҵәаразы. Аԥсшьарамшқәа хәажәкыра 30 рҟынӡа инахан, аха уи ашьҭахьгьы аҵаратә процесс аиҭахацыркра залмыршахеит.
Ԥхынгәы 1 инаркны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперштаб азин ҟанаҵеит ашколқәранӡатәи аусҳәарҭақәа русура алагаразы.
Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа ԥышәарада ирыдыркылеит адкыларатә комиссиа аӡбарала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит
-
Арышԥҳа Аԥсны онлаин аҵаразы: ада ԥсыхәа ҟамлар, аиҿкаара шалыршахо ҳнарбеит асеминар