Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа Аԥсны онлаин аҵаразы: ада ԥсыхәа ҟамлар, аиҿкаара шалыршахо ҳнарбеит асеминар

© Foto / предоставлено Мананой АршбаМанана Аршба
Манана Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы Манана Арышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит онлаин аҵаразы арҵаҩцәа рзы Аҟәа имҩаԥысуаз асеминарқәа ртәы.
Арышԥҳа Аԥсны онлаин аҵаразы: ада ԥсыхәа ҟамлар, аиҿкаара шалыршахо ҳнарбеит асеминар

"Ҩымш асеминар ҳалахәуанаҵы иаабеит ас еиԥш иҟоу аусура аиҿкаара зынӡа имариамзаргьы, ада ԥсыхәа ҟамлар, аиҿкаара шалшахо. Арҵаҩцәа зегьы акомпиутертә зыҟаҵара рымам иахьынӡахәҭоу, убри аусура аиҿкааразы иадҳаԥхьаларц ҳаӡбеит аҿар. Аиҳабыратә классқәа ршәышықәса ҳарҭагылоуп азы, урҭ арҵаҩцәа азыҟарҵатә иҟоуп. Онлаин ҵара ҟалар, уи уадаҩхоит аҭаацәагьы рзы. Убри аҟнытә урҭгьы алаҳгалоит арҵаратә курсқәа рахь. Акомпиутерқәеи аинтернети зегьы ирымаӡам, аха асеминарқәа ахьынӡамҩаԥысуаз аҵара министри иара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи ирҳәеит ацхыраара шыҟарҵо, ахәыҷқәа иахәҭоу амаҭәарқәа рыла реиқәыршәаразы. Онлаин аҵарахьы аиасра уадаҩхоит, аха маҷ-маҷ, шьаҿа-шьаҿала, уи азыҟаҵара ахәҭаны иазыԥхьаӡоуп. Уи иаанагаӡом цәыббрамзазы ашкол ахь ҳанҭыҵуа иаразнак уахь ҳаиасуеит ҳәа, ҳара зегьы ашкол ахь ацаразы ҳаҽҳархиоит, аха ари аамҭала ихымԥадатәхар иҟаҵатәу аҭагылазаашьоуп ҳзызхәыцуа, мамзар аӡәгьы қәкыс имаӡам убрахь имыиасыр ада ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Арышԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0