Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гамгьиа Гал араион ахәышәтәырҭа азы: аҳақьымцәа рҽырԥсахыртә аҭагылазаашьа ыҟам

© Foto / предоставлено Астамуром ГамгиаАстамур Гамгиа
Астамур Гамгиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгьиа Галтәи ахәшәтәырҭа аусура атәы

"Гал араион ахәышәтәырҭа еиҳабыс салхуижьҭеи жәамш ҵуеит. Араион ахадара сақәдыргәыӷит ишсыдгыло, ацхыраара шҳарҭо. Ахәышәтәырҭа ахаҭа ахыб аӡы кылсуеит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп. Аҳақьымцәа рганахьала иуҳәозар ауаа ыҟоуп, аха имаҷуп, рҽырыԥсахыртә еиԥш (аҷаԥшьараан-аред.) аҭагылазаашьа ҳамам. Егьа ицәгьазаргьы, рус карыжьӡом. Аневрологцәа, ахирург, атравматологцәа ӷәӷәақәа ҳамоуп. Акардиологиа аҟәша даҽа ҩыџьа-хҩы аҳақьымцәа ыҟазҭгьы еиӷьхон. Излажәдыруа ала агәы ачымазареи, анерв чымазареи змоу иаҳа ирацәаҩуп, арҭ ахырхарҭақәа рҟны аҳақьымцәа еиҳа аусутә рымоуп. Аҿкы чымазара аганахь ала асанитар-епидимиологиатә хырхарҭа еиқәыршәоуп ачымазара аҽацәыхьчаразы ахархәагақәа рыла, ацхыраара лас амашьына ҳамоуп. Макьаназы Гал араион ичмазаҩу ҳәа аӡәгьы ҳхәышәтәырҭа дҭамшәацт. Аҿкы чымазара (акороновирус-аред.) ианалага, аҳақьымцәа ҳаизырган, иаҳдырбеит ҳхы шымҩаԥаҳгаша. Досу иҟаиҵо идыруеит", - иҳәеит Гамгьиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0