Лабра ақыҭан акарантин алагалоуп

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адиагноз акоронавирус ззықәыргылаз Лабра ақыҭа анхаҩы иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 23 рзы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭаҿы COVID-19 ахҭысқәа хәба азгәаҭоуп.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә-епидемиологиатә маҵзуреи Лабра ақыҭан 14 мшы ҳәа акарантин аларгалеит, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

Село Лабра  - Sputnik Аҧсны
Лабра ақыҭан иԥсҭазаара далҵит акоронавирус здырбалаз ахаҵа

Ақыҭа анхацәа ԥыҭҩык COVID-19 азы анализқәа арҭахьеит.

Акоронавирус зцәа иалаз Лабра анхаҩы иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 23 рзы. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ахаҵа амедицинатә цхыраара даҳәеит ичымазара 14-тәи амш азы.

"Апациент амедицинатә цхыраара аиуразы Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа хада дадҵаалеит иҭагылазаашьа хьанҭаны даныҟала, ичымазара 14 мшы ирықәны. Иара ишоура ҳаракын, аха ҩымчыбжь инарзынаԥшуа аҩны иҽихәышәтәуан ашоурахҽыгатә хәшәқәа рыла. Нанҳәа 23 рзы ишоура уаҳа ианизмыртәа, акыргьы данеицәаха, иуацәа Очамчыратәи ахәышәтәырҭахь дааргеит", - ҳәа азгәаҭоуп аминистрра апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Очамчыра араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа ишылҳәаз ала, апациент даара дхьанҭан, амедикцәа ПЦР-тест аҟаҵаразы анализ ргеит, уи ишьақәнарӷәӷәеит акоронавирустә ҿкы ицәа ишалаз.

"Апациент аполисегментартә гәаҵәкра иман, ирыԥҳақәа ааха ӷәӷәа роухьан, ишьа иалаз аҵәыҵәри (кислород – аред.) аҩаӡара 50% рҟынӡагьы инаӡомызт, иԥсыԥлагаҩагара даара иԥсыҽхахьан. Иаарласны иӡбан Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дганы дышьҭаҵатәуп ҳәа, аха амҩан ацхыраара ласы амашьына дышҭаз еиҳагьы деицәахан, ԥсыхәа змаз ацхыраара ширҭозгьы, акгьы имыхәакәа иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа еиҭалҳәеит Мадонна Кьышьмариа.

Лара иазгәалҭеит Очамчыра араион аҟны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа. Апандемиа ҟалеижьҭеи ара иазгәаҭоуп 12 коронавирустә хҭыс. Иуадаҩу апациентцәа иахьазы иҟам.

Нанҳәа 24 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 247-ҩык. 101-ы ргәы бзиахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0