Афбатәи ашкол акарантин ахь: аҟәатәи ашколқәа аҵарашықәс рыҽшазыҟарҵаз

© Fotolia / Syda ProductionsШкольники на уроке
Школьники на уроке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа нанҳәа 21 рзы адырра ҟаиҵеит ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҵарашықәс цәыббра 1 азы иаладыргарц ргәы ишҭоу.

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Аҟәа абжьаратә ҵараиурҭақәа зегьы аусура иалагоит цәыббра 1 азы, 6-тәи ашкол ада ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аҟәша аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл.

Первый звонок в школах города Гал  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵарашықәс цәыббра 1 азы иаладыргарц ргәы иҭоуп

"Абжьаратә школ №6 ааҳартуеит цәыббра 7 рзы, избанзар уи аколлектив акарантин аҿы иҟоуп. Уи зыӡбаз Асанитартә епидемиологиатә станциоуп, дара ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа гәарҭоит, ичмазаҩхаз ирхылаԥшуеит, урҭ зныруаз ахаҿқәа аадырԥшуеит", - лҳәеит лара.

Иара убасгьы лара иазгәалҭеит ашколқәа реиҳарак рҿы аҭаацәа реизарақәа шымҩаԥыргахьоу, азеиԥшҵараиуратә школқәа рҟны инықәырԥшу амаҭәарқәа реихшанҵа шышьақәдыргылахьоу.

"Ашколқәа зегьы рхатә еихшанҵақәа шьақәдыргылеит, школқәак рҟны аурокқәа 8:30 рзы ирылагоит, избанзар ҩ-сменак рыла аусура цоит, арҵаҩцәа хымԥада асабрадақәа рхарҵалоит", - лҳәеит Ҭаркьыл.

Ашколқәа зегьы рыҩналарҭақәа рҟны аҳауарыцқьагатә фильтрқәа гылазаауеит, рцәа иадымкьысло ашоурашәагақәа рыла ршоура ршәалоит, рнапқәа дырзҩыдалоит ҳәа азгәалҭеит Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аҟәша аусбарҭа аиҳабы.

"Аурокқәа рыбжьара аԥсшьараамҭа 10 минуҭк рҟынӡа ирыцаҳҵеит, иназыцҵоу аԥсшьараамҭа 20 минуҭ иҟалоит. Аурокқәа 35 минуҭ ицалоит, иара убасгьы ҳара иҳармаҷуеит аконтрольтә, агәаҭаратә усурақәа. Сгәанала 35 минуҭ рыла аҵаратә программа шьҭаҳхуеит", - ҳәа инаҵылшьит лара.

Совещание министра просвещения  - Sputnik Аҧсны
Аҵарашықәс ҿыц ҳабанӡазыхиоу: аҵара аминистр Аҟәа аилацәажәара мҩаԥигеит

Нанҳәа 17 рзы Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик атәыла аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ҟалҵеит.

Ҷыдала иааугозар, Асанепидемстанциа Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иабжьнагоит арҵаҩцәа рықәратә ценз шьақәнаргыларц, 65 шықәса раасҭа зхыҵуа аусурахь иҭымҵларц азы.

"Ҳара арҵаҩцәа русура иамаҳхырц ҳгәы иҭаӡам, урҭ иҟоу шыҟоу раҳҳәеит, дара ашәарҭара ишҭагылоу, убри азы асабрадақәа рхарҵалароуп, аџьабаа мыцхәы ирымбароуп", - ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьыл.

Даҽа абжьгарак излаҳәо ала, аҵаҩцәа рацәаны иахьыҟоу ашколқәа рҟынтәи аҵаҩцәа ахьынхо аҭыԥ ала иҟоу ашколқәа рахь иҭаҵатәуп.

"Ҳара аклассқәа хаҳарҭәаауан аҵаҩцәа ахьынхо аҭыԥ инақәыршәаны. Иҟоуп ус ашкол ахь ацара ззыманшәалам, иаҳҳәап реиҳабацәа зҭоу ашколқәа рахь аиҵбацәагьы рнагара иаҳа ирзыманшәалоуп аҭаацәа. Ҳара аҭаацәа ҳрацәажәон, иҟоуп зынхарҭа ҭыԥ ахь иаҵанакуа ашколқәа рахь зхәыҷқәа ииазгазгьы", - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Асанепидемстанциа иара убасгьы ирабжьнагоит 18-20 иреиҳамкәа аклассқәа хадырҭәааларц. Рынхарҭа ҭыԥ ахьыҟоу иаҵанамкуа ашколқәа рахь аҵаҩцәа рыдрымкылаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0