Иудыруазароуп, иухамшҭырц азы: Аԥсны имҩаԥысит "Аиааира адиктант"

© Foto / Пресс-служба Южного военного округаОколо 150 тыс. военнослужащих Южного военного округа (ЮВО) и более 50 тыс. членов юнармейского движения приняли участие во Всероссийском историческом диктанте на тему событий Великой Отечественной войны.
Около 150 тыс. военнослужащих Южного военного округа (ЮВО) и более 50 тыс. членов юнармейского движения приняли участие во Всероссийском историческом диктанте на тему событий Великой Отечественной войны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҭоурыхтә акциа "Аиааира адиктант" иалнаршоит Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәагьы руааԥсыра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку рдыррақәа реилкаара.

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аҭоурыхтә акциа "Аиааира адиктант" раԥхьаӡа акәны Аԥсны хә-ҭыԥк рҿы имҩаԥган ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество ахьӡала Аԥсны иҟоу апроект акоординатор хада Евгени Павлов.

Сынтәа хә-ҭыԥк рҿы раԥхьаӡа акәны ауснагӡатә амҩаԥгара алыршахеит. Очамчыреи Гагреи ҭыԥк-ҭыԥк рҿы имҩаԥган адиктант аҩра, Аҟәеи Драндеи ҩба-ҩба ҭыԥ азалхын. Зехьынџьара COVID-19 аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ахәыҷқәа ршоура ршәон, асабрадақәа рзыршон.

"Бжьаратәла 20-20-ҩык ыҟан. Ҳара ахыԥхьаӡара рацәа ҳашьҭамызт", - иҳәоит иара.

Адҵақәа рахь аҭоурых адырра адагьы алитературеи акинематографи рдыррагьы аҵанакуан.

"Иаҳҳәап азҵаарақәа руак абасеиԥш иҟан: "Иарбан ҭоурыхтә хҭысу изҵазкуа акиносахьа "Ааԥын жәибжь еимгеимцара", - ҳәа. Афильм иамыхәаԥшыц рзы ари аҭак аҟаҵара уадаҩхоит", - иҳәеит иара.

Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа

Атестқәа рылҵшәақәа рдырра алшоит диктантпобеды.рф асаит аҿы, доусы ихатә номер алагаланы.

Иара убасгьы асаит аҿы ашықәс нҵәаанӡа иалшоит онлаин тест ахысра, уи оффлаин излеиԥшым ауаҩы аиндаҭлара далахәӡам, идыррақәа гәеиҭоит ауп.

Сынтәа 80 рҟынӡа тәыла рҽаладырхәит акциа "Аиааира адиктант". Аԥсны хынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адырраҭарала, адиктант рхы аладырхәит 150 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа.

"Зынӡа 50 интерактивтә ҭыԥ аартын Урыстәыла асубиектқәа 15 рҟни Аԥсни, Ермантәылеи, Алада Уаԥстәылеи рҟынтәи арратә базақәеи рҿи", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭара.

Аҭоурыхтә диктант 25 тесттә дҵа аҵанакит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа ахҭысқәа рыӡбахә ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0