Аплан 45 процент рыла: Аԥгаԥсатә фонда ахада аусбарҭа апроблемақәа дрылацәажәеит

© Foto / Пресс-служба Кабмина АбхазииБакур Бебия
Бакур Бебия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны аԥгаԥсатә фонд ахантәаҩы Бакәыр Бебиа.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Аԥсны аԥгаԥсатә фонд ахантәаҩы Бакәыр Бебиа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит абиуџьетнҭыҵтәи афонд ахь алагалақәа шымҩаԥысуеи атәылауаа асоциалтә шәарақәа шырзыҟарҵои атәы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

2020 шықәса аамз ирыҵанакуа Афонд ахьтәи ашәарақәа 45 % ыҟоуп аплантә рбагақәа (113 млн 391 нызқь мааҭ) ирҿырԥшны иҳәеит Бебиа.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Нанҳәатәи аԥсуа тәанчахәқәа ахыԥхьаӡалахоит цәыббрамза раԥхьатәи ажәамш рзы

Ажьырныҳәаахыс Афонд ахь иалагалоуп 51 млн 119 нызқь мааҭ. Алагалақәа рыхкқәа зегьы рҟынтәи зегь раасҭа еиҵоу алагалақәа ҟаҵоуп ашәахтәшәара апатенттә системаҟынтәи (33%), иара убасгьы ашәахтә ҷыда ашәаҩцәа рҟынтәи (25 %).

"Ииасыз ашықәси сынтәеи реиҿырԥшраан 2019 шықәсазы иаланагалеит 55% аплан аҟынтә. 2019 шықәса раԥхьатәи аамзы рыла Афонд иаланагалеит 60 млн 235 нызқь мааҭ, аплантә рбага ҳәа 109 млн 161 нызқьмааҭ аҟазараан. Ари арбага 10% заҵәык рыла еиҳауп 2020 шықәса рзы аасҭа", – иҳәеит Бебиа.

Иара игәаанагарала, Афонд алагалақәа рыграфик иахҟьар, апроблемақәа цәырҵыр алшоит уашьҭантәи аҭахрақәа аԥара рзоушьҭразы.

Афонд ахантәаҩы иажәақәа рыла, ауалафахәқәа ршәара аграфик аиҭакраан Аԥгаԥсатә фонд ахь аԥаранеира аграфикгьы еиҭанакуеит.

Афонд ахантәаҩы иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥгаԥсаҩцәа ргәабзиара ашьақәыргыларази асанатори-курортә хәышәтәрази аԥаразоужьрақәа аанкылоуп ҳәа.

Аицәажәара хыркәшо, Александр Анқәаб Афонд анапхгара ирабжьигеит Афонд абиуџьет ахашәалатә хәҭа анапхгараҭара дырӷәӷәарци уаанӡатәи ашықәсқәа рҟынтәи ауалқәа рылгара ахырхарҭала русура мҩаԥыргаларци.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0