Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бениа иааӡамҭа Амԥар Ниу-Иорк иигаз аиааиразы: сгәы иахәеит "ахәыҷы" иҟаиҵаз

© Sputnik / Илона ХварцкияДзука Бения
Дзука Бения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза Ӡука Бениа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит иааӡамҭацәа иреиуоу ақәԥаҩ Рустам Амԥар Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны иигаз аиааира.
Бениа иааӡамҭа Амԥар Ниу-Иорк иигаз аиааиразы: сгәы иаахәеит "ахәыҷы" иҟаиҵаз

Цәыббра 17 ауха Ниу-Иорк имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир "Beat the Streets" аҿы аԥсуа спортсмен Рустам Амԥар аиаара игеит 10:6 ҳәа. Иара диеиндаҭлон Еиду Америкатәи аштатқәа еизгоу акомандаҿ иреиӷьқәоу ақәԥаҩцәа иреиуоу Џьек Миуллер.

"Сгәы иахәеит иҟаиҵаз ахәыҷы (иааӡамҭа Рустам Амԥар изы - аред.). Ауарҳал аҟны ақәԥара мҩаԥиимгеижьҭеи хԥаҟа шықәса ҵуеит, ихәда хәыҷык ихьуан. Шьҭа хәыҷы-хәыҷы далагеит. Америка аиԥылараҟны даиааит ҳәа ҳаҳаит, уахь дыҟеижьҭеи шьҭа хәымз-фымз ҵуеит. Уа иҩызак иҟны дыҟоуп, Урыстәыла иатәу аспортсменцәа ахәыҷқәа аӡәы дазыҟаиҵоит… Ахәыҷ бзиақәа ыҟоуп атурнирқәа рахь иҳазгозар", - иҳәеит Бениа.

Рустам Амԥар – жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза иоуп, Урыстәыла ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аиаарагаҩы, Европеи адунеии рҟны ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара апризиор, адунеи Ахраҿа ианашьоуп, Иван Иарыгин ихьӡ зху аиндаҭлараҿы Гран-при игахьеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0