Аибашьреи ахәыҷреи - Аиааиреи агәырӷьареи

© Sputnik / Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны
День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу лхәыҷратә гәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит мрагыларатәи ахәҭаҿы Џьгьарда ақыҭан уи ашықәс еиқәаҵәа зхызгаз Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу ахҭысқәеи урҭ ирхылҿиаауа агәалашәарақәеи егьа аамҭа царгьы хашҭра рықәлом. Мшыцыԥхьаӡа, мзацыԥхьаӡа дара рхатә ҭоурыхтә жәабжьқәа рыла ихаҭәаауп. Аибашьра анцоз аамҭазы ҳара ҳҭаацәара рҿы хҩык ахшара иҳазҳауан. Саҳәшьеиҳаб Ирма 16 шықәса лхыҵуан, иҳаиҵбӡаз Селма 11 мзы ракәын илхыҵуаз. Аибашьра ашьҭахь, саҳәшьеиҳаб 21 шықәса дшырҭагылаз машәырла лыԥсҭазаара ҿахҵәоит, уи наунагӡа еиқәтәашьа змам хьааны иҳацзаауеит…

Ҳахьынхоз Џьгьарда ақыҭа ҳаӷа ихымца ахьымсырц залыршамхеит. Иҟоуп аҳаирплан иканажьуаз абомбақәа иҭадырхаз ауааԥсыра, иҟоуп аснариадқәа ӷәӷәала иахәқәазгьы, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан сабгьы.

Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
Иаҳҳәо ҳмоур ҟалоит…

Иахьеиԥш сыбла ихгылоуп, аибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа рзы, ҳашҭа илаҟәӡаны иахыԥраауаз аҳаирплан ҳара иаҳтәыз џьшьа амардуан абарҵа ҳақәгыланы ҳнапқәа ҟьаны ианаҳарбоз, усҟан ақырҭқәа ракәзаарын иаҳхаԥыруаз. Аибашьра иара ахатә ԥҟарақәа амоуп, аха уи ҳазыҟаҵамыз ҳарҭ, иабаҳдыруаз урҭ аԥҟарақәа рықәныҟәашьа. Ҳаҩны иазааигәацәамкәа ҳгәылацәеи ҳареи ҳабжьара ахеиқәырхаразы иаҳжыз аҭабиаҟны ҳнеиаанӡа иҳахьшаз ҳахьыр ҟалон, иаҳхыҟьҟьа ицоз аснариадқәа ҳхы ҳзырцәыхьчомызт, аха лыԥхала ҳаиқәхагәышьеит.

Исгәалашәоит хҭыск, аҽны хәлаанӡа еихсыӷьра амамкәа аснариадқәа ҳалажьра иаҿын. Ҳара ҳанхарҭа ҭыԥ атехника ахьышьақәдыргылози ахәцәа ацхыраара ахьрырҭоз иахьазааигәаз иахырҟьаны, лассы-лассы ҳаӷацәа ахымцақәа аарышьҭуан. Ҩ-ҭаацәарак ҳаидызкылоз аҭабиа ҳаԥсқәа еихьымӡо ҳанҭалон, ус ҽнак иаҳбеит саҳәшьа хәыҷы аҭабиа аҩнуҵҟа дшыҟамыз. Егьи сан сара дсықәгәыӷзаап, дышьҭыхны сыҩызшәа лзааит, сара сакәын еснагь дызгалоз аҟнытә.

Ахқәа шысхыҟьҟьоз сан аҭабиа дыҭмыжькәа, "сара бара беиҳа иласны сыҩуеит, сара сцан даазгоит" сҳәан, сан сналымпыҵҵәрааны сыҭҟьеит. Ҩ-гәашәк аартны ҳашҭа санынҭала, Селма ашҭа дықәтәаны лгәы каршәны ахәмарра даҿын, иабалдыруаз машәыршақә дызцәынхаз артҟәацгақәа ҳаӷацәа ҳашьразы ишдәықәырҵоз, дышьҭԥааны аҭабиахь сҿынасхеит, аха ҳла ҭаха снаҭомызт, ԥхьаҟа сашьҭуамызт, сшьапы иаҵакәымпылуан, изулак сыԥсы сыманы аҭабиа сыҽҭасыжьит. Иахьагьы ҳгәашәқәеи ҳаандақәеи ҳазцәынхаз урҭ ахҭыԥқәа рынхаланы иҟоуп.

Акыраамҭагьы иҵәахны исыман аснариад аԥҽыхақәеи, зыртҟәацра азин ыҟамыз агәырҵарқәа аазышьҭуаз ахҿақәеи. "Арҭ ҳара ҳазшьуаз ракәын" ҳәа сазхәыцны ааигәа икасыжьит, ус сгәы иаҭаххеит. Уажәы урҭ ахҭысқәа анааҳгәалаҳаршәо, лакәҵас иаҳзааиуеит, аха ҳхәыҷра ашықәсқәа иаҳзынрыжьыз гәалашәарақәоуп.

Саҳәшьеиҵбы лакәзар, уажәшьҭа дҭыԥҳауп, аҭаацәара далоуп, "сан" ахаҭыԥан, раԥхьа илҳәаз ажәа "гәу-гәу" ауп, артҟәацгақәа рышьҭыбжь иахырҟьаны…

Матери абхазских солдат - Sputnik Аҧсны
"Агәалашәароуп ҵа змаӡам" – ӷьашьак змам анацәа рыхәрақәа

Аибашьра иалиааз амшқәа зегьы агәҭынчымзаара рыцын. Агәылацәа ҳхы ааидаҳкылон, ҳаизҵаауан, иҟаз-ианыз досу иаҳаз ажәабжьқәа ааибаҳҳәон, ахацәа усгьы аҩны итәомызт, руалԥшьа нарыгӡон. Ҳҳаблаҟны дынхон ҳаиашьара иатәыз абырг Федиа (Ԥыԥа) Ашәба. Илабашьа аашьҭыхны есҽны архахь дылбаауан, уи дгьежьны аҩныҟа иаара ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын, избанзар иҿыцыз ажәабжьқәа ҳзааигон.

Аҽны амра каххаа иԥхон, саргьы даҽа аамҭанык еиԥшымкәа сгәалаҟазаара бзиан, аҩны сахьыҩназ, мамзаргьы ашҭа сахьықәыз сыбжьы ҭыганы ашәа сҳәон, сангьы изныкымкәа авба сылҭахьан, "ԥхашьароуп, ашәа шыбҳәо аӡәы иаҳар" ҳәа. Аха схәыҷтәы хшыҩ ус исыцныҟәон, ҳгәалаҟазаара шьҭыҵуан ԥсҭбарак ыҟамкәа амшқәа анымҩаслак, уиакәхарын изыхсырҟьоз сашәаҳәарагьы, уажә ус сазхәыцуеит.

Ҳара ҳаруаа реиҳабы - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа исыхьуа-ахәыҷроуп, ма гәыӷрала сышҭәыз

Усҟан ҳашҭа агәҭаны игылаз ахәырма амахәқәа хьыдҳаса иаҿан. Аҵла ақәлара бзиа избон, ахыцәқәанӡа схалахьан еиԥш, саныԥшы, абар зыӡбахә сымоу абырг архантә дахьаауа, данызба снапы шьҭыхны инаисырбеит, "аҩныҟа умҩахыҵ" ҳәа сыбжьгьы наиқәсыргеит. "Аиааира ҳгеит, аԥсуаа, Аиааира ҳгеит!" - ҳәа ибжьы ҭганы, ииҳәо неиҭаҳәауа аҿыҭра даҿын. Аха, исзеилымкааит закә иааираз, схаҿы исзаамгеит. Ашьҭахь, "Гагра ақалақь ахы иақәиҭырҭәит" ҳәа иҿыҭбжьы инациҵеит. Саргьы инаимаздан, аҵла ахыцәқәа сахьалатәаз сыбжьы нҭыганы сыҳәҳәеит: "Аиааира, Аиааира!" ҳәа. Аҵла аганахь сышьҭыбжь ӷәӷәаны ишгоз анлаҳа, аҩнеиҩнуҵҟа иҩназ сан дшәаны ддәылҟьеит, машәырк сыхьыз џьшьаны. Убри аамҭазы ҳашҭа иҭалаз, ажәабжь бзиа ҳзаазгаз Федиа Ашәба сан лгәыҭҟьара налхигеит, агәырӷьажәабжь ҳзааигеит.

Аслан Џьапуеи иҩызцәа аибашьцәеи - Sputnik Аҧсны
Ҩыџьа аишьцәа рлахьынҵа

Ари агәырӷьажәабыжь шаҟа ԥсыҭбара ацыз, ҳаибашьцәа изакә џьамыӷәоу ирхыргаз, хымԥада сырҿиаратә усураҟны еиҳагьы еилыскааит ашьҭахь, хаҭала Аиааира ҳзаазгаз афырхацәа рыҿцәажәарала. Гагра ақалақь ахақәиҭтәра иалахәын сан лаҳәшьаԥацәа ҩыџьа, аишьцәа гәакьақәа Аслани Руслани Џьапуаа. Ажәылара еибгала иалҵны жьҭаарамзазы рҭаацәа рахь Тҟәарчалҟа иахьааз ԥсеивгарак рымаӡакәа Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы илҵшәадахаз ажәыларахь еиҭацеит, Дед ҳәа хьыӡшьарас изарҳәоз Борис Ԥачлиа икоманда иалахәын. Уаҟа дҭахоит Аслан, Руслан ҳаӷацәа дырҳәынҷоит, ашьҭахь хыԥсыра ихганы дхынҳәгәышьоит.

Ажәылареи аԥсҭбарақәеи, аԥсҭбарақәеи ашьоуреи, ашьоуреи Аиааиреи, абарҭқәа зегьы еиларсын, абарҭқәа зегьы рцәа иҭагӡаны аԥышәара аамҭа иахысыр акәхеит агәаӷь ду зызҭаз ҳаибашьцәа. Агәымшәареи, ахачҳареи, афырхаҵареи ирылаз иабзоураны ҳаԥсадгьыл аҭынчра азааргеит.

Встреча бойцов Восточного и Западного фронтов - Sputnik Аҧсны
Лахьынҵак еиднакылаз: Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəра иалахəыз аибашьцəа ргәалашәара

Гагра ахақәиҭтәра иалахәыз аҳәаанырцәынтәи иааз ҳџьынџьуаа санрыҿцәажәо еиҭарҳәалоит, аҭыԥантәи аԥсуаа аибашьра адәаҿы иаадырԥшуаз рхымҩаԥгара аиҭаҳәара шгәаӷьыуацәоу. Хаҭала ҳџьынџьуаа Аԥсны аҭыԥқәа шырзымдыруазгьы, рашьцәа ирхьыԥшны иаадырԥшыз афырхаҵара ҳалаҽхәартә иҟоуп. Зны-зынла илафны ирҳәалоит: "Аԥсны адгьылҵакыра маҷуп зҳәо ҳарҿагылоит", - ҳәа. Избанзар иҟан ахҭысқәа аибашьра адәаҿы ианеицәыӡуаз, нас ианеибаԥшаауаз, ус шаҟа ҭагылазаашьа…

Аибашьра аамҭазы ԥсҿыхгас иҳамаз Аԥсуа радио аефир ала иҳаҳауаз адырраҭарақәа хашҭра рықәым. Еиҳаракгьы исгәалашәо акакәны иаанхеит мраҭашәареи мрагылареи еимаздоз асалам шәҟәқәа ианрыԥхьоз, иҳаҳауаз ажәабжьқәа. Акыр интересс исыман арадио аҟынтә аԥсышәала игоз ашьҭыбжь ҳара ҳҟынӡа ааишьас иамаз. Ашьҭахь, схаҭа исқәашьхеит Аԥсуа радио аҟны аусура, уи акәамаҵамарақәа зегьы шьахәла реилкаара, аибашьра амшынҵа агәылаԥшра.

Цәыббра 30, 1993 шықәса рзы Аиааира ҳгеит ҳәа арадио ала ажәабжь анҳаҳа, зыҟны арадио ҳазыӡырҩлоз Тули Ашәба саҳәшьа хәыҷы даашьҭихын аҩнашә днаваргыланы лхы инықәырԥшны ашьаҟа иҿаҟәеит, "сара сыԥсыргьы абри аҿаҟәарсҭаҭыԥ шәмырҩашьан, ҭоурыхуп" ҳәа. Уижьҭеи 27 шықәса цеит, аҿаҟәарсҭа ҭыԥ иахьагьы ашьҭамҭа мыӡкәа иаанхеит, ҳахәаԥшыцыԥхьаӡа, ҳиааира амш еиԥш, аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа ааҳгәаланаршәоит, убри инацҵаны раԥхьатәи зшьаҿақәеи раԥхьатәи зажәеи аибашьра иагәылиааз Селма лхәыҷра...

Еицакра ақәымзааит ҳҭоурых, ҳадгьыл аҿы Аиашара еснагь амчра амазааит, еиҵагыло абиԥарақәа аибашьра алакҭа иҭамԥшааит, уи иахылҿиаауа ахысбжьы раҳартә еиԥш аҭагылазаашьа рмоуааит, рыжәҩан цқьазааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0