Ҳазусҭада ҳара: аԥсуа культура иахьатәи аҭагылазаашьа иазкыз аилатәара мҩаԥган

© Sputnik / Томас ТхайцукСеминар в ЦСэИ
Семинар в ЦСэИ  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара Асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр аҟны "Аԥсуа культура иахьатәи аҭагылазаашьа" атемала аилатәара мҩаԥган ахәаша, жьҭаара 9 рзы.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аизара иалахәын Асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр анапхгаҩы, аусзуҩцәа, аҵарауаа, актиорцәа, апедагогикатә институт адиректор уҳәа ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Аилатәараҿы "Ҳазусҭада ҳара иахьа?" ҳәа хыс измаз раԥхьатәи ажәахә ҟаиҵеит афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр анапхгаҩы Олег Дамениа. Аҵарауаҩ дазааҭгылеит акультура азҵаара, иахьатәи аҿиашьа, насгьы ацивилизациа ацәырҵра иахьатәи ҳаԥсуа культура ишаныԥшуа атәы.

"Акультура аԥызҵо ажәлар роуп. Ажәларгьы акультурагьы рышьақәгылара еиларсуп. Урҭ еиҟәыҭханы, хаз-хазы ҿиашьа рымаӡам. Ажәлар анжәлару убасҟан ауп. Изыҟалаӡом жәларыда акультура, ишзыҟамло еиԥш ажәлар культурада", - ҳәа азгәеиҭеит иажәахә аҟны Дамениа.

Аилатәараҟны зҵаара хаданы иқәгылан аԥсуа бызшәа азҵаара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. Акультура иахьатәи аамҭазы абызшәа ишаныԥшуа, иарбан еиҭакрақәоу изынио уҳәа.

Ирина Куакуаскир  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәакәасқьырԥҳа: аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы ихадароуп аԥсуа бызшәа ахархәара

Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьырԥҳа иазгәалҭеит:

"Иахьа акультура аганахьала, абызшәа аганахьала ҳзынио апроблемақәа, ахьысҳарақәа еиҳа иахьубарҭоу ашколтә системаҟноуп. Ҳҵаратә система зегьы аԥхьа ааӡара гылазароуп. Ааӡара ауп акультура зхылҿиаауа. Ашколтә система - ари ҳәынҭқарратә системоуп. Ашкол аҟноуп акультура ашьаҭа ахьакуа. Ахәыҷқәа аԥсуа культура рылаҳааӡоит ҳәа аԥсуара иазкны хазы амаҭәар алагалара зынӡа сақәшаҳаҭӡам, уи аҩыза аныҟала ҳаԥсуарагьы ҟалом. Аԥсуара - ари маҭәарӡам, уи ахәыҷы дани нахыс даԥсыуазар, иныруазароуп", - лҳәеит апедагогикатә институт адиректор.

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАсеминар "Аԥсуа культура иахьатәи аҭагылазаашьа" алахәцәа
Ҳазусҭада ҳара: аԥсуа культура иахьатәи аҭагылазаашьа иазкыз аилатәара мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Асеминар "Аԥсуа культура иахьатәи аҭагылазаашьа" алахәцәа

 

Аилатәараҟны иазааҭгылан иара убас абызшәа аԥсыҽра, аҿар уи апроблема ишахәаԥшуа, ишазнеиуа атәы. ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы, Џьырхәатәи абжьаратә школ адиректор Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа уи азҵаара дазааҭгылеит:

Презентация новой методики по изучению абхазского языка для 3х-летних детей - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа рзы: аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц ӡыргоуп

"Сара аԥсуа бызшәа аиаӡаара амҩа иангылоуп ҳәа зҳәо сиқәшаҳаҭӡам, избан акәзар аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иубарҭоуп абызшәа еиҳа аԥыжәара шарҭо аҭаацәа, рыхшара аԥсуа бызшәа дырҵара иазҿлымҳауп. Сара лассы-лассы избоит аԥсышәала ишцәажәо ахәыҷқәа. Абызшәа ԥсӡом уи ала ицәажәонаҵы. Хымԥада, акультура ахы ахьакуа аҭаацәара рыҩнуҵҟа ауп, ашкол аҿы ааӡаратә процесс уи иацхраауеит, еизнарҳауеит", - лҳәеит Габниаԥҳа.

Аԥсуаа ҳныҳәарақәа, ҳҵасқәа ркультура рыҽшеиҭаркыз, уи иацу арыцҳара атәы иҳәоит аизара иақәымшәаз, аха онлаинла зхы алазырхәыз Архимандрит, анцәаҭҵаара адоктор Аб Дараҭ (Дбар):

"Изакәытә культуроузеи ирымаз аԥсуаа адин ныҳәарақәа, ахныҳәарақәа анымҩаԥыргоз! Шаҟа иацклаԥшны имҩаԥыргоз урҭ рҵасқәа - аҭыԥ алхра, аҽеилаҳәашьа, афареи ажәреи рыҟны аскетикатә хынкылара уҳәа. Аныҳәара амҩаԥгаразы аԥсуаа иалкаау ҭыԥ ԥшӡак алырхуан. Аныҳәаҩ шәҵатәы шкәакәала (ицқьара аазырԥшуа аԥштәы) деилаҳәазар акәын. Иара убас ирфози ишырфози шаҟа иацклаԥшны, иазхәыцны иазнеиуаз: афатә рацәахкыла адгылара ҵасмызт, досу ихәҭаа ирҭон. Ҳахәаԥшып нас иахьа "Ацуныҳәа" шымҩаԥааго: иаҳшәу, иаҳхоу (ԥсыуа маҭәак аӡәы ишәӡам, аныҳәаҩгьы дналаҵаны, ԥсыуа лабашьак, ԥсыуа ҳәызбак аӡәы икӡам), ҳаишәақәа меигӡарахда иқәжьу афатә, нас иаанхаз абжеиҳарак наганы ианкаҳажьуа, ҳажәшьа, нас уи иахьакәым ҳкылнаго. Нас абри зегьы аԥсуа икультуроуп ҳәа ҳзазҳәома?" - ҳәа азгәеиҭоит Аб Дараҭ.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Егьырҭ ирыламҩашьо аԥсуа культура

Иара ишиҳәаз ала, ҳадгьыл ҳнапы анагымха, ҳақалақьқәагьы қәнагала ҳанрызнеи, ҳныҳәарақәагьы ишаԥыз ианымҩаԥаага, убасҟан ауп жәларык раҳасабала акультура змоу ҳауп ҳәа аҳәара анҳалшо.

Аизара хыркәшо, амҩаԥгаҩ, Асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Лаура Габлиаԥҳа иазгәалҭеит хықәкыс аиҿкааҩцәа ирымаз акультура апроблема аӡыргара, алацәажәара, адырҳара шакәыз. Насгьы иазгәалҭеит аизара рхы аладырхәыр шакәыз иҵегьы апрограмма иарбоу аҵарауаа, аха еиуеиԥшым амзызқәа, иара убас ачымазара ҿкы иахҟьаны урҭ рымҩахыҵра залымшеит.

Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара Асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр лассы-лассы имҩаԥнагоит ауаажәлар ргәы иҵхо, Аԥсны аҿиара иаԥырхагоу апроблема хадақәа ирызку аилатәарақәа. Аха иазгәаҭатәуп, ари атемала раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥгаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0