Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…

© Sputnik Лев РыжковУроки абхазского языка
Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2007 шықәсазы Аԥсны ирыдыркылаз "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" иахьа уажәраанӡа анагӡара ахьамам уи зхатәы бызшәоу рзинқәа реилагара шаанаго атәы далацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥха.

Заҟа ҵуазеи Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа иамоу аԥықәсларақәа ртәы ҳҳәоижьҭеи, заҟа ҵуазеи 2007 шықәсазы ирыдыркылаз "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" ахәҭаҷқәа шеилагоу атәы ҳалацәажәоижьҭеи? Ҳалацәажәоит, аха азҵаатәы ишақәнагоу ахаҵгылара арҭом аҳәынҭқарра амаа зку.

Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа инадыркны абызшәа апроблема аҟынӡа, ма ишыдыдуа еиԥш, ақәа леиуам

Ари азакәан анрыдыркылозгьы, изҳәоз маҷҩымызт, аус ауа ишыҟамло, еиҳаракгьы ауаажәларра агәра агара рцәыуадаҩын азакәан 2-тәи ахәҭаҷ аҿы иарбоу "ачынуаа аҳәынҭқарратә бызшәа рдырроуп" зҳәо нагӡара шамоуа, избанзар амчраҿ иааиуа анапхгаратә ҭыԥқәа ршараан, хшыҩзышьҭра зырҭо апартиатә дгылара ауп. Убри аамҭазы, апартиа иадгыло рахьынтә еснагь амаҭәар здыруа, абызшәа здыруа еиҿыбааны изыҟалом, аиааира агоит "абызшәа изымдыруазарагьы ҳара даҳтәуп" захьӡу аилкаара.

Абар 13 шықәса ирықәуп, абызшәа азакәан баша ақьаад иазынханы иҟоуижьҭеи, аха уи ахьынагӡам азы партиакгьы абжьы аргом. Иҳаҩсыз алхрақәа рыламҭалазы,  2020 шықәса хәажәкыра 19 рзы ителехәаԥшратә пресс-конференциаҿы Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа аԥсуа бызшәа арҿиаразы гәҭакқәас ишәымоузеи ҳәа иоуз азҵаара абас аҭак ҟаиҵет: "Ҳара ҳахәаԥшуеит ирыдыркылахьоу азакәан аус шауа, иҟалап уи азакәан ахәҭақәак аԥсахрақәа ралагалара аҭаххар. Иахәҭоуп аԥсуа бызшәа арҵара еиҳа ирцыхцыхзар". 

Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…

Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа руалафахәы еиҳазар шахәҭоу, егьырҭ ирҿырԥшны иаҳгозар. Абри адагьы, Бжьаниа иҭак аҿы иазгәаҭан иаԥсыуам ашколқәа рҿы аԥсуа абызшәа арҵаҩцәа разымхара апроблема шыҟоу. Абарҭ зегь ҳрыԥшны иаҳҳәозар, аԥсуаа ҳбызшәа аҵгәара зҭаху акәны иҟоуп. Уи ныҟәызго, изхатәы бызшәоу аԥсуаа – ззинқәа еилагоу милаҭуп.

Елеонора Берулааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Берулааԥҳа: усуроуп Самырзаҟан ашкол ашҭаҿы аԥсуа бызшәа ахьуаҳауа

Аԥсны аус зуа аомбудсмен иинститут ҳазааҭгылозар, раԥхьаӡа акәны Жәлар Реизара адепутатцәа рҿаԥхьа рашәара 29, 2020 шықәсазы урысшәала ажәахә ҟалҵеит иахьатәи ахада Асида Шьаҟрылԥҳа. Омбудсмен улықәшаҳаҭымхар ҟалом, ҳтәылаҿы ауаҩы изинқәа реилагарақәа рҿы иахьалылкааз аҳәса рганахь "агәакьацәа рҟынтәи имҩаԥысуа ахалахьырхәра" анаҩсан, Аҩнуҵҟатәи Аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа "абаандаҩцәа рырҳәацәара, иргәаҟны рышьра" рхы ишақәнадырго атәы ахьцәырылго. Абарҭқәа рыдагьы, Гал араион аҿы иҟоу азинеилагарақәа ртәы дазааҭгыло, урысшәала ажәахә ҟазҵоз омбудсмен инаҵшьны иазгәалҭеит араион аҿы аҵара аҵаразы ауаатәыҩса рзинқәа шеилагоу.

"2015 шықәса раахыс галтәи ашколқәа рҿы аҵара урысшәалоуп ишымҩаԥысуа. Араион аҿы аурысшәа ибзианы иахьырзымдыруа, дара арҵаҩцәагьы налаҵаны, амаҭәарқәа рышьҭкаара рцәыуадаҩуп аҵаҩцәа", – ҳәа азгәалҭеит омбудсмен. Ари ахҳәаа азаҳуазар, ҳазымхәыцыр ауам, галаа рзы хатәы бызшәас иҟоу агыршәа шакәу, ақырҭшәа дара еиҳарак ашкол аҿы акәын иахьрыдыргалоз. Издыруада, еиҳа иҳақызҭгьы, агырқәа наџьнатә аахыс изызхәыцуаз, аха ирзынамыгӡаз ахатә ҩыра аԥҵара апроект зхароу Қырҭтәыла шакәу азгәаҭазҭгьы.

Ахра Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәакәасқьыр Гал аԥсуа бызшәа арҵаразы: шамахамзар зегьы ирдыруазар рҭахуп

Араҟа иаахтны иҳәамызт, иабантәаагатәу қырҭшәала еиқәыршәоу арҵага шәҟәқәа? Қырҭтәылантәи, мамзаргьы аԥсуа ҳәынҭқарра ахы иалнаршар акәу?! Зегьы иаҳдыруа усуп, Қырҭтәыла иҭрыжьуа арҵага шәҟәқәа ридеологиа хырхарҭас иамоу "Аԥсны Қырҭтәыла ишахәҭаку" шакәу, ус анакәха, галаа аинтеграциа рзура аҭыԥан, Егры нырцәҟа рхы ҳархома? Аомбудсмен галаа рзинқәа данырзааҭгылоз, илымҩатәны акәзаргьы иазгәалымҭеит Аԥсны ишеилагоу аԥсуа бызшәа изхатәы бызшәоу рзинқәа.

Хыхь зыӡбахә сымаз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа сазыгьежьуазар, абас иҳәеит: "Аҳәынҭқарратә бызшәа адырра цхыраагӡазароуп ауаҩы дчынуаҩхарц иҭахызар, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы дҟаларц азы". Алхрақәа рышьҭахьтәи аҭагылазаашьа ҳахәаԥшуазар, аԥсуа бызшәа азакәан 2-тәи ахәҭаҷ уаанӡеиԥш еилагоуп, Аминистрцәа Реилазаара ашьақәыргылараан инеиԥынкыланы аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа ракәӡам аҭыԥқәа здыргалаз. Аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа ҳрызхьаԥшуазар, аҷҷаҳәа урысшәала имҩаԥысуеит, аԥсшәа ацәаара уарла-шәарла иаҳбоит.

Ганкахьала ҳацәыԥхашьоит азакәан иану ахәҭаҷқәа рыԥсахра, даҽа ганкахьала – аҭыԥ зҭатәу ргәы нмырхакәа, абызшәа рзымдыруазаргьы ркабинет иҩнартәатәуп.

Исҳәарц сылшоит, ҳарҭ зхы иаӷоу милаҭуп ҳәа, избанзар, адунеи аҿы збызшәа зцәыӡхьоу амилаҭқәа реиҭашьақәыргылара хықәкыс ианрымоу, ҳара еиқәырханы иҳамоу арԥсыҽра ҳаҿуп. Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан 2-тәи ахәҭаҷ иаҳәоит: "Амчратә усбарҭақәа, урҭ ирыҵаркуа аструктурақәа рхадацәеи, Жәлар Реизара адепутатцәеи, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рхадацәеи ирдыдырц, рхы иадырхәаларац рыхәҭоуп аҳәынҭқарратә бызшәа". Ақьаад иануп, аха аԥсҭазаара уи аларҵәашьа амоуит… Абраҟа иарабоу абзац аусура иалагар акәын 2015 шықәса ажьырныҳәа 1 инакны. Иахьа ҳара ҳанхоит 2020 шықәсазы, аха ари ахәҭаҷ ус ишрыдыркылаз иаанхеит…

© Sputnik Леон ГунияАԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа
Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом… - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0