Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа ралагаларазы адҵа инапы аҵаиҩит аҩаша, жьҭаара 13 рзы.
Уи инақәыршәаны, жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа атәылаҿы иақәиҭтәым амассатә спорттә, агәмырҿыӷьратә, аланарԥшыратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа. Аус рулаӡом акультуратә усбарҭақәа - атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа.
Иаркызаауеит ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи, аҵараиуратә зыҟаҵарақәа, иара убас аспорттә, акәашаратә секциақәа аус рур ҟалаӡом. СПА-салонқәеи, асаунақәеи, амассажҟаҵарҭақәеи русуразы азин ыҟам.
Абри аамҭазы аҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭақәа 60 шықәса иҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәыроуп русураҟынтә. Убри аан руалафахәы рзынрыжьроуп. Абри аҩыза абжьгарақәа рыҭоуп икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәагьы.
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа амедицинатә сабрадақәеи анапхаҵақәеи хымԥада иныҟәыргалароуп. Анапхгара ируалуп русуҩцәа арзҩыдагатә маҭәашьарқәа рыла реиқәыршәара.
Атәылауааи асасцәеи ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы хымԥада амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргалароуп.
Жьҭаара 14 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит 2479-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 1100-ҩык ргәы бзиахеит, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.