АҞӘА, жьҭаара 22- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рцәа иалоу иаламу аилкааразы атестқәа 445-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә 134-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Жьҭаара 21 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 61 шықәса зхыҵуаз акоронавирус адиагноз ззышьақәырӷәӷәаз апациент, лара аҿкчымазаратә ҟәша дҭашәеит жьҭаара 18 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы лдунеи лыԥсахит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 148-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 123-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 62-ҩык, илҩаауп 11-ҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь уахыки-ҽнаки рыла иҭашәеит 11-ҩык ачымазцәа.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбало 21-ҩык апациентцәа. 20-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аӡәы-иҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>