COVID-19 Аԥсны: 68-ҩык аҿкы рыдырбалеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к открытию ковид-госпиталя в Красноярске
Подготовка к открытию ковид-госпиталя в Красноярске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4649-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2500-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 50-ҩык.

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 298 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 68 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иаанацҳауеит аҟәатәи гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара дшалҵыз 1930 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаара 23 рзы, иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, абҵара 5 рзы идунеи иԥсахит.

Абҵара 5 рзы гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз 1930 шықәсазы ииз апациент. Иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьан, ҩганктәи агәыҵәкра иман, иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, абҵара идунеи иԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 123-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык, илҩаауп ааҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 30-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 48-ҩык апациентцәа. 45-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1955 шықәсазы ииз апациентка. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит лыԥсыԥ лагаҩагара акыр илцәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, абҵара 6 рзы лдунеи лыԥсахит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0