Бжьаниа: Урыстәыла Аибга Аԥсны иамнахырц гәҭакыс иамам

© Foto / gazdepНовый мост в между абхазской и российской частью села Аибга
Новый мост в между абхазской и российской частью села Аибга  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 2020 шықәса рзы Шәача аиҳабыра аԥара азоужьны Ԥсоу аӡиас ацҳа хырҵеит, ашьхақыҭа Аибга аганқәа ҩба реидҳәаларазы. Аԥсны Жәлар Реизара изаамҭанытәим аилатәараҿы ари азҵаара аҭҵаара рнапы ианырҵеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура.

АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла Аибга аннексиа азура агәҭакым иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы абҵара 17 рзы.

"Сара Владимир Путин изеиҭасҳәеит Аибга иҟоу аҭагылазаашьа шыздыруа, уи аганахь документқәас иску. Азҵаара ҭынч ҳалацәажәеит. Урыстәыла ахада иҳәеит азҵаара иашарылеи закәаншьаҭалеи ишыӡбахо", - ҳәа иҳәеит ахада.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаахьчаратә маҵзурақәа ахылаԥшра шарҭало ацҳа иқәсуа ауааи аидарақәеи.

Аибга ақыҭа Ԥсоу аӡиас ахыхь ишьҭоуп, ҩбаны еиҟәшоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара. Ақыҭа амшын иҩахыкны 840 метра рҟны. Аԥснытәи аган иаҵанакуа Аибга инхоит Урыстәыла иатәылауаау шәҩык ауааԥсыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0