Аԥсны ААР амашьынарныҟәцаҩцәа ргәы рҽанырҵоит Гәдоуҭа араион асы шлеиуазы

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД
МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьхаратә хәҭахьы асы леиуеит, амш еиҳа-еиҳа ибааԥсхоит, убри инадҳәаланы амашьынарныҟәцаҩцәа агәҽанызаара рымазарц аҳәара ҟарҵоит.

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Аԥсны ААР амашьынарныҟәцаҩцәа ргәы рҽанырҵоит Гәдоуҭа араион аҿы асы шлеиуазы, амҩаҿы рныҟәара иацклаԥшларазы.

"Автомашьынарныҟәаҩцәа ирабжьаагоит рныҟәашәа иашьклаԥшларц, уи адагьы аԥхьа инеиуа атранспорт иахәҭоу адистанциа аманы иашьҭагыларц", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҟазауаа абжьгара ҟарҵоит аӡынтәи агьежьқәа (резина-аред.) рахь ииасырц.

Асы алеира иалагеит Риҵеи Мысра рҵакыра иахьаҵанакуа.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҭаларҭаҿы уахь ихало амашьынақәа рҭагылазаашьа гәарҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0