Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Блабба еиҭеиҳәеит амаинингтә фермақәа рыԥшәмацәа еиԥшны изырзымнеиуа атәы

© Foto / предоставил Саид БлаббаСаид Блабба
Саид Блабба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" афымцацәаҳәақәа реихшаразы амаҵзура аиҳабы Саид Блабба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амаинингтә фермақәа рҿыхразы имҩаԥырго аусурақәа раан ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа ртәы.
Блабба еиҭеиҳәеит амаинингтә фермақәа рыԥшәмацәа еиԥшны изырзымнеиуа атәы

"Амаинингтә фермақәа рҿыхразы имҩаԥааго ҳусура ишаҳҭаху иаҳзеиҿымкаазаргьы, иахьала иаҳбоит сааҭла иалаҳгалаз афымца арцәарақәа ф-сааҭк рҟынтәи 2 сааҭк рҟынӡа ишнагахаз. Арҭ аусурақәа ацәаҳәақәа рыхьчара иазеиӷьхеит, иахьазы иаҿыхуп 40 мегаватт рҟынӡа. Ҳусураҟны убас еиԥш ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит, ақьаад ҩны, амаругақәа аҿыхны, апломба аарханы ианыҟарҵалак ашьҭахь, иҟоуп ҳусзуҩцәа рнаҩс инеины, амҳәыр амхны иаҿазкқәазгьы. Уи ашьҭахь ҿыц ҳусзуҩцәа ргәыԥ ҳашьҭуеит, урҭ ашәҟәы иаҳа ирџьбараны ирыҩуеит, анаҩс егьырҭ аусбарҭақәа амаинингқәа рҿыхра рнапы адаркуеит. Ҳара иаҳҳәаз иқәныҟәаз, аҭагылазаашьа аҽанарҽеилак ашьҭахь рус аӡбара иаҳа иалыршахоит", - иҳәеит Блабба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0