Асезон иаалагазар Урыстәылаҟа амандаринақәа рекспорт 21 нызқь тонна инаӡеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа уахыки-ҽнаки рыла ииасуеит 450-500 еидарамҩангага машьына ҳәа уаанӡа иҳәахьан аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12- Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амандаринақәа рекспорт асезон иаалагазар 21 843 643 кьыла инаӡеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигаз аусутә еилацәажәараҿы Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 978 тонна.

Ацитрустә шәырқәа риагараан аԥснытәи аҳазалхырҭа иреиҵаӡоу аҳазалхратә хәыԥса шьақәнаргылоит – кьылак азы 19 мааҭ. Аҳазалхратә еизга аԥсуа ган аҿы 0,1 процент артәоит атауар аҳазалхратә хәыԥсаҟынтәи.

Аурыс ган аҿы ишьақәыртәоу хәыԥсак ыҟам. Ахәԥса еиҿыркаауеит атауар злаахәаз ҳәа адекларациаҿы иадырбо ахәԥсала. Уи адагьы Урыстәыла ашәыр алагалараан ахәԥсаҵазы ашәахтә (НДС) 10 процентк ахырхуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0