"Ԥхынҷкәын аказы ихацыркын есышықәса имҩаԥааго акциа. Асоциалтә даҟьақәа рҿы иарбоуп ахәыҷқәа ҳамҭақәас ирҭаху, иҭаҳгало ҳалагахьеит авидеонҵамҭақәа. Ҳара Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рҳамҭақәа ҳарзыԥшуп. Уажәазы иҭаҳгалахьоу зегьы дроухьеит рхатәы Аҵаа Бабаду, аҳамҭақәа рзаазгаша. Сынтәа акциа мҩаԥаагоит иҟоу аҭагылазашьаа инақәыршәаны, аӡәгьы игәабзиара ашәарҭара иҭаҳмыргыларцаз. Акциа иаҵанакуеит жәаха шықәса рҟныӡа изхыҵуа ахәыҷқәа, урҭ рхыԥхьаӡара 50-ҩык рҟныӡа инаӡоит. Дара зегьы ахәшәтәра иахысхьеит, мамзаргьы иазыԥшу роуп. Ари акциа азҿлымҳара аазырԥшуа, иадгыло рацәаҩуп аҟнытә ҳамҭада аӡәгьы даанхом. Сынтәагьы агәыӷра ҳамоуп ус еиԥш иҟалап ҳәа. Макьана ҳгәыӷуеит агәыҳалалреи ассири ҳара ҳаԥсҭазаараҿы иҟоуп ҳәа. Ари акциа ҳакциақәа зегь раасҭа ихадоуп. Ахәыҷқәа зегьы Аҵаа Бабаду иҟынтә аҳамҭақәа анроуа еиҳау ҳамҭа ыҟаӡам ҳара ҳзы. Дара ргәырӷьара, рылахҿыхра ҳара ҳгәы еизнарҳауеит", - еиҭалҳәеит Мархолиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа
-
Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәатә программа иалагалахо аҿыцра атәы