Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аҩаша ԥхынҷкәын 15 рзы

CC0 / / Водопроводный кран
Водопроводный кран  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа Алашарбага аҳаблаҿы агәамсамеизгарҭа араион аҿы аӡымҩангага аремонт ахьазыруа иахҟьаны Аҟәа араионқәак ӡыда иаанхоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ԥхынҷкәын 15 асааҭ 00:00 инаркны 17:00 рҟынӡа ӡрыжәтәда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡрыжәтә аанкылахоит Аҟәа агәы, аџьармыкьа иахьаҵанакуа, Алашарбага аҳабла.

АУН "Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0