Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2020 шықәсазтәи аныхрақәа рҳасабырба ҟанаҵеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Заседание Совета Общественной палаты
Заседание Совета Общественной палаты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд алагалақәа еиҿкаауп абиуџьеттә еиҿкаарақәа, аиурст хаҿқәа, ахаланаплакыҩцәа рыԥгаԥсала, ареспубликатә биуџьет аԥараҵала, ииасыз ашықәсқәа рҟынтәи иаанхаз ауал ала.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынҷкәын 15 рзы Аԥсны ауаажәларратә палатаҿ Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2020 шықәсазтәи аныхрақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит.

Афонд анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа иажәақәа рыла афонд абиуџьет 2020 шықәса рзы 134 миллион 273 нызқьмааҭ ыҟан:

  • 8 миллионки 595 нызқьмааҭ ныхын 278-ҩык ҳтәылауаа аматериалтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы;
  • 7 миллионки 884 нызқьмааҭ – 200-ҩык рзы астоматалогиатә цхыраараз;
  • 6 миллионки 247 нызқьмааҭ – 300-ҩык аветеранцәа рыхәышәтәраз аматериалтә цхыраара аҟаҵаразы;
  • 4 миллионки 46  нызқьмааҭ – 104-ҩык асанаториахь ԥсшьара рышьҭразы;
  • 5 миллион мааҭ – 32-ҩык  ареабилитациатә хархәагақәа рзаахәаразы;
  • 33 миллион мааҭ – ахәшәқәа раахәаразы;
  • 7 миллионки 447 нызқьмааҭ – амедицинатә маҵзурақәа аԥара рыхшәааразы;
  • 305 000 мааҭ инареиҳаны амҩатә харџьқәа иргеит.

Афонд иара убасгьы ацхыраара ҟанаҵоит аибашьра аветеран-аинвалид иԥсраан. Ари ашықәс азы 2 миллионки 600 нызқьмааҭ аинвалидцәа рҭаацәарақәа материалтә цхыраарак аҳасабала ирызшан аԥсыжраз.

"Уи адагьы Афонд ауалқәа, 21 миллион мааҭ ҳшәеит. Иахьазы уал ҳақәым", - иҳәеит Ашәуа.

Эмзар Ашуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ашәуа зылшарақәа ԥку аибашьра аветеранцәа рфонд аусуразы: ақьаадқәа рыртытра ҳаҿуп

Иара иажәақәа рыла 2021 шықәсазы Афонд абиуџьет иартәоит 141,5 миллион мааҭ.

Афонд аусура аилатәараҿы далацәажәеит Ахылаԥшратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба. Иара иазгәеиҭеит ахылаԥшратә гәаҭарақәа ҩба-хԥа шықәса шыҵуа имҩаԥырымгеижьҭеи.

"Афонд ахь аԥарашәара аҭагылазаашьа сгәаԥхом. Афонд аҿаԥхьа 35 миллион мааҭ шәатәны иҟоуп", - иҳәеит иара.

Аршба иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны макьаназы иаку аинвалид иршаҳаҭга шыҟам.

"Исзеилкаауам проблемас иҟоу. Еснагь ҳҵаауеит – аинвалидцәа заҟаҩ ыҟада ҳәа. Уадаҩрас иҟозеи? Адокумент Аминистрцәа реилазаараҿы ишьақәырӷәӷәаны аномертә дырга аҭатәуп. Усҟан амцҳәара еиҳа иуадаҩхоит",- иҳәеит иара.

Ауаажәларратә палата алахәылацәа иара убасгьы иалацәажәеит Афонд асаит аусура аларгара азҵаара. Емзар Ашәуа иҳәеит ишазыԥхьагәаҭоу аофициалтә саит аԥҵара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ҳәа афонд аҟны ашәҟәы иҭагалоуп 2 895-ҩык. 2014 шықәсазы ашәҟәы иарбан 1 400-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0