"Иаарҳәу адунеи": аԥсахратә ҟазшьа змоу аԥсыуа қьабзқәак

© Sputnik Солнечные лучи пробиваются сквозь тучи
Солнечные лучи пробиваются сквозь тучи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи ланҵамҭаҟны афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа иҳадылгалоит ахәмарратә ма аԥсахратә ҟазшьа змоу аԥсыуа қьабзқәак рыхҳәаа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Адунеи злашьақәгылоу, уи шыҟалаз уҳәа зегьы ауаҩы имифологиатә дунеихәаԥшрала иааирԥшуеит досу иара дызлоу амилаҭ рытрадициа инақәыршәаны. Амифологиатә дунеи "иаарҳәу адунеи" ҳәа азуҳәар ауеит, араҟа иаарԥшу зегьы ареалтә ԥсҭазаара асимволтә кодқәа рыла ицәажәоит. Убас иҟоуп аԥсуаа рқьабзқәа, рныҳәарақәа злаарԥшу абызшәагьы. Иалаҳкаап ахәмарратә, ма "аԥсахратә" ҟазшьа зныԥшуа қьабзқәак.

Адгьыл ахыԥара

Ахыԥара амагиатә ҵакы ҳәаак ахыҵра, рҿиаратә ҭагылазаашьак аҟынтәи даҽа ҭагылазаашьак ахь аиасра, акы аиааира аанарԥшуеит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, аԥсуаа ражәа иалоуп "иԥсра дахыԥеит", мамзаргьы "иаџьал дахыԥеит". Аха "абзиа – ацәгьа" шеиҿагылоу еиԥш "ахыԥара" аҵакгьы ҩбаны ишоит.

Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Асас изы еснагь ашә аартуп: егьырҭ ҳрылазмырҩашьо аԥсуа ҵасқәа

Ауаҩы (ахәыҷы, аду) уихыԥар, уихысыр ҵасым рҳәоит аԥсуаа. Дхәыҷызар, дызҳаӡом рҳәоит, ҿыц егьи аганахьала дихрыжьуеит. Аҭаца раԥхьаӡакәны дзыҩнало аҩнаҭа ашәхымс данахрыжьуа аҳәызбақәа еиҿарыкшоит ацәгьа аанкылара иадырганы. Мамзаргьы нанҳәа аухазы амца ахыԥара – аҩсҭаацәа рбылра иадыргоуп. Лассы-лассы амашәырқәа ирынио ауаҩы иакәзар, адгьыл изыразхаразы дырныҳәон. Асимволтә ҵакы аман ауаҩы амашәыр дахьақәшәаз аҭыԥ. Уантәи анышә ыҵхны иааганы иныҳәон. Насгьы, иаҳҳәап, ауаҩы аҽы дканажьзар, дахькаҳаз аҭыԥ аҟны адгьыл иахыԥон.

Иара убас ауаҩы ацәгьа хара иҟәыгазарц, амашәыр дақәымшәарц азыҳәан, иара дахькаҳаз аҭыԥ аҿы имҩаԥыргон асимволикатә ԥсыжра – исахьа аҭаны ача кәаҳаны анышә иарҭон, аҵәыуаҩгьы дааганы аԥсы дылҵәыуашәаҵәҟьошәа амыткәма лҳәон, дҵәыуон. Ари иунарбоит "акы даҽакала аԥсахра" – ауаҩы ихьраны иҟоу даҽа маҭәарк ахь аиагара аҵакы.

Амаҭәа аарҳәны ашәҵара

Амаҭәа аарҳәны ауаҩы изгәамҭаӡакәа ианишәиҵогьы ыҟоуп, иҟоуп уи хықәкыла ус ианыҟаиҵогьы. Актәи бзиаӡам ҳәа иԥхьаӡазар – ауаҩы иҽеим ҭагылазаашьак, аисра, аимак-аиҿак дақәшәоит, аҩбатәи аан ацәгьара иԥырицарц азы иҟаиҵоит. Иаҳҳәап, абна илахаз, ма ишныҟәоз зымҩа иацәыхҟьаз ауаҩы ишәу имаҭәа аарҳәны ишәиҵар, имҩахь дкылнагоит рҳәоит. Ауаҩы дзырҟьало, имҩа еилазго ҳәа иԥхьаӡоу аҩсҭаа иоуп. Аҩсҭаа абас ала ауаҩы деилеигарц даналагалак, амаҭәа аарҳәны ишәҵарала уи дахьцо даҽа ганкушәа иирбоит, убри алагьы аҩсҭаа дзиԥырхагахаӡом азы, иаргьы имҩа иԥшаауеит.

Аҵәыуара зцым аԥсра

Аԥсра ахьыҟалаз аҵәыуара мҩаԥыргоит, аха аҭагылазаашьақәа зегьы еиԥшым, аԥсышьақәагь еиԥшым. Иаҳҳәозар, аӡы иашьыз иԥсы аӡы иамырхаанӡа аҵәыуара мҩаԥугар ҟаломызт.

Кәыдры - Sputnik Аҧсны
Аԥсыҭгага: аӡы иашьыз иԥсы аагара аритуал

Азҿлымҳара амоуп иара аԥсы аӡы иҭгара ақьабз амҩаԥгашьа: ауаҩы аӡы дахьагаз ахықә аҟны инеины ашашәа шкәакәа бжьырдон аҳаҭа ахьнырҳаланы. Аҟәараҿы еизоз ауаа лахьеиқәрак аадырԥшуамызт, аԥсы уршәар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡан аҵәыуара-ахьра уалагар. Урҭ раԥхьа дгылан "аԥсыҭгага" азырҳәоз аԥхьарцарҳәаҩы. Иара иаирҳәоз амелодиагьы ихиааланы ицоз акы акәын, илахҿыхыз ашәакгьы ацҵаны ирҳәон.

Убасҵәҟьа аҵәыуара ахьыҟамло убоит даҽа ҭагылазашьаак аҿгьы – амацәыс иашьыз ауаҩы дырҵәыуаӡом. Араҟагьы ашәаҳәара, акәашара мҩаԥганы, иара иацу ақьабз ала ауаҩы иԥсы ҿырхуеит. Арҭ ақьабзқәа ирнубаалоит "иаарҳәу адунеи" – аҵәыуара ахаҭыԥан – ахәмарра, аччара, алахьеиқәра аҭыԥан – ашәаҳәара, акәашара. Ари зызку Анцәа имыргәаара, игәшәымшә аҟаҵара, Анцәа ииҭаххаз дриҭарц азы игәы аҟаҵара.

Абасала амифопоетика аҭҵаара "иаарҳәу адунеи" уагәыланахалоит. Иарбан дунеиу иаарҳәу: ҳара ҳахьыҟоу акәу, Анцәахәқәа ахьыҟоу акәу аԥшаара амҩа уанану, уи амҩа уацәхымҟьарц азы "иушәу умаҭәа аарҳәызароуп". Ҳаԥсҭазаара зегь мифуп иҳәеит философк, амиф зырҿиогьы ҳара ҳауп, иааҳакәыршаны иҟоу зегьы аԥсы анахаҳҵо. Урҭ асимволқәа ргәылаҵәахны абиԥарақәа ирзынаҳашьҭуеит иахьанӡа ишаҳзаарышьҭуаз еиԥш ҳаргьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0