Аҟәа ауааԥсыра аӡы иахьа ахәылбыҽха ирзынашьҭхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗамена водопроводных труб
Замена водопроводных труб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵараз ахыркәшаратә усурақәа ирҿуп. Уажәы урҭ амагистралтә цәаҳәақәа ирԥыршьуеит. Ҩымш ҵуеит аҳҭнықалақь ӡыда иҟоижьҭеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ауааԥсыра уаанӡа ишазгәаҭаз аиԥш ӡыла реиқәыршәара залмыршахеит ианаамҭаз, аусурақәа уажәыгьы имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ахадара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

"Иацы аусурақәа ҳазрылымгеит. Иахьа ихыркәшахоит. Аусурақәа рымҽхак ҭбаауп, иуадаҩуп. Амш абааԥсрагьы аԥырхага ҟанаҵеит", - иҳәеит иара.

Аҟәа ахадара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, аӡы аушьҭхоит ԥхынҷкәын 22 ахәылбыҽхазы.

Замена водопроводных труб  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵараз ахыркәшаратә усурақәа ирҿуп

Уаанӡа ақалақь ахадара асаит аҿы иҳәан Гәлиа, Џьонуа, Дбар, Воронова, Лакоба, Коӷониа, Басариа, Абазинскаиа, Арӡынба амҩақәа реихысырҭақәа ҩеижәи быжьба рҿы аӡымҩангагақәеи амагистралтә цәаҳәақәеи еиԥыршьраны иҟоуп ҳәа.

Арҭ аусурақәа ирхырҟьаны ашәахьаҽны ауаажәларратәи ахатәи транспорт рныҟәара ркьаҿын. Аӡы ауааԥсыра рыҭара ԥкын. Аџьармыкьа хадеи ааигәа-сигәа иҟоу адәқьанқәеи аус руамызт. Аӡы аанкылан ԥхынҷкәын 20 асааҭ 22:00 рзы.

"Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб иҳәеит аремонт алагамҭазы аӡы нкылатәуп атрубақәа ҭацәызарц азы ҳәа.

ИАЕ "Астория-Аквасервис" ахаҭарнак Саид Амҷба иажәақәа рыла рымчқәа зегьы еидкыланы аусурақәа рымҩаԥгара иаҿуп. Иара ишиҳәо ала уажәшьҭарнахыс проблемак ҟалар ақалақь зегьы ӡыда инхом, аҭыԥаҿы аҭыԥ ақәҵара алшартә ишьақәыргылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0