Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩба рҿы амҩаҟаҵара иалагеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт дорог в Новосибирске
Ремонт дорог в Новосибирске  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭақәа Абӷархықәи Аҷандареи рҿы амҩақәа аремонт рзыруеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аԥарақәа рыла.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақыҭақәа Абӷархықәи Аҷандареи рҿы амҩақәа аремонт рзура иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа атехникатә хылаԥшра аиҳабы Дикран Хынҭәба.

"Ақыҭақәа Абӷархықәи (ф-километрак) Аҷандареи (ԥшь-километрак) рҿы амҩахәҭақәа аремонт рзыруеит. Аусурақәа рысметатә хәыԥса иартәоит 65 миллион мааҭ. Ашықәс нҵәаанӡа аусурақәа изрылымгар ҟалоит амшцәгьақәа ирхырҟьаны. Иааиуа амзазы аусурақәа ирыцҵахоит", - ҳәа иҳәеит Хынҭәба.

Аҳәынҭҿаҵа мҩаԥнагоит "Амҩа-ргыларатә комбинат", ахылаԥшра анапы ианҵоуп Акапиталтә ргылара аусбарҭа. Ақыҭақәа Абӷархықәи Аҷандареи рҿы амҩақәа аремонт рзыруеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аԥарақәа рыла.

Абҵарамза анҵәамҭазы Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалаган. Цандрыԥшь амҩа хада 9,3 километрак аремонт азырухьеит. Аҳабла ахада Адгәыр Дасаниа ишиҳәо ала, даҽа 5-6 ҩнуҵҟатә мҩа аремонт рзырураны иҟоуп.

Ремонт дороги в Цандрипше - Sputnik Аҧсны
Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалагоит

Дикран Хынҭәба иажәақәа рыла, Пицундагь уажәы аусурақәа ирҿуп.

"Иахьазы ф-километрак амҩа ҿыгҳарак акаҭран ықәҵоуп. Иҟаҵоу амҩа зынӡа 18 километра иҟоуп. Иахьынӡаздыруала, аучасток зегьы аԥара азхом. Убри азы асмета еиҭахәаԥштәхоит", - ҳәа иҳәеит Хынҭәба.

Аԥсны АРА атехникатә хылаԥшра аиҳабы Дикран Хынҭәба иажәақәа рыла, Пицундатәи амҩа акаҭран ақәҵаразы 82 миллион мааҭ азоужьуп.

Пицунда ахада Алхас Шамба Sputnik акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит амҩа аремонт ашьҭахь, аԥхаррақәа шааҟалалак адыргақәа рынҵара ҳалагоит ҳәа. Иара убасгьы иҳәеит алашара ахьыҟам амҩахәҭак аҿы афонарқәа рықәыргылара ишалаго. Шамба агәыӷра ааирԥшит аҭыԥантәи анаплакыҩцәа абри азҵаараҿы ацхыраара руп, апроблемагьы ӡбхап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0