Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Быҭәба: амаининг азы амаругақәа ҳԥырхагамхар, ажәлар Ашықәс ҿыцаз алашара роуртә иҟаҳҵоит

© Foto / из личного архива Заура БутбаЗаур Бутба
Заур Бутба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион "Амшынеиқәафымцамч" аҟәша аиҳабы Заур Быҭәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит араион аҿы афымцалашаратә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроуи, акриптовалиута ҟазҵо амаругақәа рҿыхреи аус шцо ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Быҭәба Аҟәа араион афымцалашара аҭагылазаашьазы

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада аусдҵа ҭижьит ареспублика аҵакыраҿы иҟоу амаининг ахархәаразы афермақәа зегьы аҿыхзарц.

"Ҳара ҳҳәынҭқарраҟны афымцалашара злаҟоу ала, ахәрақәа зеиԥшроу ала, аҭагылазаашьа зеиԥшроу ала ҳамчрақәа ирзымгоз аус ҳаднагалеит адунеи аҟнытә. Акриптовалиута ҟазҵо амаругақәа рықәыргылара ауааԥсыра азин рырҭан афымцалашараз иҟоу аҭагылазаашьа еилымкааӡакәа. Ажәлар рмалқәа, рырахә ҭиины амаругақәа ықәдыргылеит. Алашара ҳмырцәар ҟамло ада ԥсыхәа аныҟамла, афермақәа змаз зегьы адырра раҳҭеит, ҳрыҳәеит иаҿырхырц. Абыржәы аҭагылазаашьа хар амаӡам ҳҳәар ҟалоит. Аха уи аҟны ҳаанымгылацт, ақыҭақәа рҿы аизарақәа рымҩаԥгара ҳаҿуп, иаҿырхырцаз адырра раҳҭоит. Афермақәа уажәы имаҷхазар, хаҭала аҩнқәа рҿы иқәыргылан измоу дыҟоуп. Ашықәс ҿыцаз афымца ахархәара еиҳагьы еиҳахоит, ауааԥсыра аныҳәа ишахәҭоу иаԥыларцаз "шәаангыл" ҳәа аҳәара раҳҭоит. Амаининг азы амаругақәа ҳԥырхагамхар, ҳара ажәлар алашара роуртә еиԥш иҟаҳҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Быҭәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0