Аԥсны ААР Аӡҩыбжьатәи ахҭыс ала амаҵзуратә усеилыргара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукМвд Абхазии
Мвд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 26 рзы Аӡҩыбжьа аҭыԥ змаз ахҭыс азы аусҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар амаҵзуратә еилыргара амҩаԥгараз анапынҵа ҟаиҵеит аоперативтә ҟәша аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа рзинмчра иахыҳәҳәо иахымыҳәҳәо аҭҵааразы. Абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Министр внутренних дел Дмитрий Дбар в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР ахада иҳәеит Аӡҩыбжьа аҭыԥ змаз аидыслара зыхҟьаз

Ԥхынҷкәын 26 рзы Аԥсны ААР аусзуҩцәеи СОБР аусзуҩцәеи Аӡҩыбжьа инхо Ҷанаа рыҩнаҭаҿы 1989 шықәса рзы ииз Ешсоу Ҷанба дыҟоуп ҳәа аинформациа рыманы иаанкылараз ишьҭан. Ешсоу Ҷанба, Аӡҩыбжьа ақыҭан ииз, рашәарамзазы иԥшаара рылаҳәан анаркотик злоу аҵиаақәа: аныцә - 170 шьаҭа, абларкыга - 19 000 шьаҭа лаҵаны иахьимаз азы. Иара убасгьы агәызҩара ыҟоуп ахаҵа ацитрусқәа раахәаразы Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааз ԥхынҷкәын 1 азы абџьар ахархәарала 500 000 мааҭ аԥара имихит, ахәрагьы ииҭеит ҳәа.

Аоперациа ҷыда амҩаԥгараан аҩны аԥхасҭа аҭан.

Ахҭыс ақыҭауаа ршьапы иқәнаргылеит. Аҭыԥ ахь днеит аминистр.

Апрокуратура аусбарҭа аусзуҩцәа рганахьала азакәанеилагара аадырԥшыр, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра рыдҵахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0