Sputnik амчыбжь: Бжьаниа акоронавирус идбалоуп, "иӡыдоу" Аҟәа, Аӡҩыбжьатәи ахҭысқәа

© Sputnik / Константин ГрецовСитуация в селе Адзюжба
Ситуация в селе Адзюжба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны амчыбжь азы иналукааша ахҭысқәа рыӡбахә аҳәоит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ателеканал Russia Today иаиҭаз аинтервиу, адәныҟатә политика аконцепциа алацәажәара, аӡы аиԥҟьара, зыҭра иҭыҵыз акоронавирус, иҭынчмыз Аӡҩыбжьатәи аҵх – Sputnik ахҳәааҿы.

Sputnik

Ахада иинтервиу

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Урыстәыла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит, иара убас ателеканал Russia Today аинтервиу аиҭеит.

Иалацәажәан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза аартра атәы. Иара иҳәеит уи ҩышықәса рҟынӡа ишадхало.

Иазааҭгыланы иалацәажәан аҳәаа ахысра армариара. Ари азҵаара цәырган ацитрустә сезон аамҭазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәаа ахысразы иҟоу ауадаҩрақәа инарыдҳәаланы. Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра амариахаразы ҩышықәсаҟа аҭахуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ателеканал RT амҩаԥгаҩ изҵаара аҭак ҟаҵо.

Граница по реке Псоу  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥ аинспекциа азиуит

Ԥхынҷкәын 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥ аинспекциа азиуит.

Аԥсуа ганахьала иҟан Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы, иара убасгьы егьырҭ аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Урыстәылатәи аганахьала иҟан Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы, Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхратә маҵзура аиҳабы, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак.

Адәныҟатә политика аконцепциа

Ԥхынҷкәын 7 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы". Аконцепциа апунктқәа руак аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи агәынамӡара рызцәырнагеит. Уи Аԥсни Қырҭтәылеи еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла реинырра азҵаароуп.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Апарламент аҳәара ҟанаҵеит Бжьаниа иахь адәныҟаполитикатә Аконцепциа аус адулазарц

Урҭ ишәарҭоуп ирыԥхьаӡеит амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иақәшаҳаҭым атәыла аганахь ала адиалог. Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи уи иақәшаҳаҭым.

Апарламент адепутатцәа Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ҟарҵеит адокумент аус еиҭадулазарц.

Иӡыдахаз аҳҭнықалақь

Амчыбжь иаалагазар Аҟәа аӡы амазаара проблемахеит. Уи зыдҳәалоу Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵараз ахыркәшаратә усурақәа роуп.

Аусурақәа ишазԥхьагәаҭаз аиԥш изхыркәшамхеит. Ақалақь ахәҭак аҩымш рыҽны аӡы рыҭан, иҟоуп хымш аԥшра зықәшәазгьы. Ԥхынҷкәын 24 рзы Учхоз араион аҿа аӡыҭгага станциа авариа ахьит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ф-сааҭк ирыдхалеит.

Алашаратә проблемақәеи амаинерцәеи

Аҟәа афымцалашара анашьҭра уадаҩхо иалагеит ԥхынҷкәын 23 инаркны. Уи зыхҟьаз астанциа маҷқәа рҿы аидара ахьыҳараку ауп. Астанциа маҷқәа Аҟәа-1, Аҟәа-2, Баслатәи рҿы аидара иахҟьаны ахьчага ацәара иаҟәыҵит. Уи азы аграфик алагалахеит.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" акриптофермақәа зегьы аҿыхтәуп ҳәа ақәҵара аднакылеит

Уи инақәыршәаны аамҭа-аамҭала фидерк-фидерк дырцәалоит, сааҭк, ҩ-сааҭк ёхща. Абас ала ақалақь аҿы ҭыԥ-ҭыԥла алашара дырцәалоит. Синоп ада. Раԥхьа иргыланы ацәаҳәақәа аидара раҵалара зыхҟьо амаининг ауп ҳәа азырыԥхьаӡоит.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада аусдҵа ҭижьит ареспублика аҵакыраҿы иҟоу афермақәа зегьы аҿыхзарц.

Адокумент инақәыршәаны аиҿкаара араионтә филиалқәеи "Афымцаҭиреи" дҵаны ирыҭоуп:

Акриптовалиута аиуразы аус зуа афермақәа зегьы 2020 шықәса ԥхынҷкәын 29 рҟынӡа иаҿыхзарц.

Авирус аҿагылара

Акоронавирус Аԥсны акыр аҽаланарҵәо иалагеит. Анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿгьы ахы аанарԥшит. Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак аҿы акоронавирус ахы цәырнагеит ҳәа адырра шыҟалаз аиԥш Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа абригада еиҿкааны, аминистр Лев Кәыҵниа дрыцны аиҩхаахь инеиит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Ареспублика асанитартә ҳақьым хада илҳәеит COVID-19 чымазара еиҳа аҽанышьҭнакаауа

Иргаз атестқәа иаадырԥшит аиҩхаа ауааԥсыра хәҩык акоронавирус шрымаз. Ачымазцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Зынӡа атестҟаҵара иахыжьын 23-ҩык.

Ичмазаҩу рҟынтәи хҩык Аҟәаҟа ииаган, ҩыџьа аҩны ахәышәтәра иахысуеит. Ақыҭауаа ирҳәеит ихымԥадатәиу ахәшәқәа рыла ишеиқәшәоу.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб хаҭала Кәыдрытәи аиҩхааҿ аҭагылазаашьа ахылаԥшра ихахьы игеит.

Аԥснытәи асанепидемстанциа Урыстәылатәи Афедерациаҟынтә агуманитартә цхыраара аиуит. 45 000 атест-системақәа аанашьҭит. Ариаҟара ирацәаны уаанӡа атест-системақәа ҳмоуцызт лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Ԥхынҷкәын 27 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳаит ахада исаит.

Атәыла ахада аҽыԥхьакра дцеит, асанитартә нормақәа ишырҳәо ала. Иазгәаҭоуп, инапынҵақәа дистанциала инаигӡалоит. Аслан Бжьаниа Аԥсны дыҟоуп, иофициалтә резиденциаҿы Аҟәа.

Асабрада зҿоу "асасцәа"

Идырым ахаҿқәа асабрадақәа рҿаҵаны Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ҷанаа рыҩны мчыла иҩналеит, ԥхынҷкәын 26 рзы, ашьыжь. Ахатәыҩны ааха аҭан, аҩны аҩнуҵҟа еиларҩынтын, аҩнымаҭәа ԥҽын.

Абри аус аганахьала ақыҭа ахада иҳәеит, Аӡҩыбжьа иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз аилкааразы амҽыша аизара мҩаԥгахоит ҳәа. Аиԥыларахь ааԥхьара рыҭан араион аиҳабыреи амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.

Министр внутренних дел Дмитрий Дбар в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР ахада иҳәеит Аӡҩыбжьа аҭыԥ змаз аидыслара зыхҟьаз

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ацәгьауҩы ишьҭан, дара ирымаз адыррала изышьҭаз дыҟан Аӡҩыбжьа ақыҭан абри аҭыӡҭыԥ ала ҳәа иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә хеилак иҭнаҵаауеит амилициа аусзуҩцәа рнапынҵақәа ирхысу ирхымсу. Аҩнаҭа иарҭаз ааха зегьы ахарџь ахшәаахоит", - иҳәеит аминистр.

Дбар иажәақәа рыла, Очамчыра араион апрокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Аԥсны ААР-и Аӡҩыбжьа ақыҭа ахадареи аҳәара ҟарҵоит ашьҭазаара змоу ацәгьауҩы иҽриҭарц, аус ҭынч еилдыргац азы.

Иҟаҵаз аԥхасҭа аҭакс амҽышаҽны уахь ирызнаган ашә ҿыц, ателербага, ашьҭаларҭақәа ҩба.

Ареабилитациатә центр аартра

Ииасыз амчыбжь азы Цандрыԥшь иаартын зхәыҷаахыс иинвалиду рзы ареабилитациатә центр. Иара анапхгаҩы Милана Аџьԥҳа лажәақәа рыла, ари алыршахеит ПРООН агрант аиураз аиааира ахьылгази Цандрыԥшь аиҳабыра рыцхырааралеи. Ара макьаназ аус рулоит хҩык аҟазауаа. Урҭ уажәы русура изалагом апандемиа иахырҟьаны. Ацентр аартра алыршахар ҟалоит ажьырныҳәа ма жәабран рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0