Sputnik амчыбжь: Ашықәс ҿыц, Апарламент аилатәара, акоронавирус анапхгара ирыдбалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогоднее настроение в г. Сухум
Новогоднее настроение в г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны амчыбжь азы ахҭысқәа рыӡбахә иазааҭгылоит, ԥхынҷкәын 28 инаркны ажьырныҳәа 3- нӡа иналукааша ажәабжьқәа рыхҳәаа.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы еилкаахеит аҿкычымазара акоронавирус ицәа ишалоу шышьақәырӷәӷәо Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы адҵа ҟанаҵеит акриптовалиута аиура иадҳәалоу аԥкрақәа ҳтәылаҿы иалагалазарц, Аԥсны Жәлар Реизара 2020 шықәсазы аҵыхәтәантәи аилатәара мҩаԥнагеит. Абарҭи егьырҭи иналукааша ахҭысқәа Sputnik ахҳәааҟны.

Алкаақәа раамҭа

Аԥсны ауааԥсыра Ашықәс ҿыц аныҳәа иаԥылеит. Сынтәа егьырҭ ашықәсқәа реиԥш агәырӷьаратә уснагӡатәқәа мҩаԥгамызт аԥкрақәа ирыхҟьаны.

Аԥсны амилаҭтә банк, егьырҭ аҳәынҭ усбырҭақәа реиԥш ауадаҩрақәа ирынеит иалагалоу аԥкрақәа ирхырҟьаны. абнктә системаҟны раԥхьатәи ааха роуит акоммерциатә банкқәа, ауадаҩрақәа инрылага ауааԥсыра мҽхакы ҭбаала рыхсаалақәа ирҭаз аԥарақәа напынҵала абанк аҭыгара иалагеит.

Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ԥарашәаратә система АԤРА "World" Ҭырқәтәыла ирыдыркыло иалагеит

Ауадаҩрақәа ирхьмырԥшкәа Амилаҭтә банк адыррақәа рыла ахсаалагақәа АԤРА "World" ахархәара бзиа амоуп. 2020 шықәса рзы Урыстәыла Санкт-Петербург, Воронеж, Новосибирск, Ростов-на-Дону, Волгоград, Астрахан, Пенза, Екатеринбург, Омск, Пермь, Сургут назлоу ақалақьқәа 144 рҿы иара убасгьы Ереван, Минск, Ташкент рҿы аоперациақәа мҩаԥыргеит. Зегь раасҭа ахсаалагақәа ахархәара рыҭан Москвеи Шәачеи. Еиҳа ихароу қалақьхеит ахсаалага ахархәара ахьаиуз ақалақь Владивосток.

2021 шықәсазы ахсаалагақәа АԤРА "World" ахархәара ҟалоит аинтернет аҟны акраахәараз. Уажәы ҳтәыла ауааԥсыра уи азы рхы иадырхәоит урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалақәа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟан, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыган. Ԥхынҷкәын 10 рзы имҩаԥган аиҿцәажәарақәа. Аԥкрақәа ирхьмырԥшкәан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра мҽхакы ҭбаала аусура наныгӡон. Аԥсны-уоыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥган, урыстәылатәи рколлегацәеи дареи аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит.

Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны
Дамаск Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аадыртит

Хадара злоу хҭысны иҟалеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра. Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы. 2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 2020 шықәса аихшьалақәа мҩаԥнагеит. Ашықәс аҩнуҵҟа 69 хәышәтәратә курс мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит афонд апресс-маҵзура. Акциа "Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап" аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәса аҩнуҵҟа афонд еизнагеит 7 270 492 мааҭ.

Ашана" аусзуҩцәа COVID-19 иаҿагыланы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәит. Аволонтиорцәа инарыдгыланы 200 рҟынӡа ҭел рыдыркылеит ацәаҳәа ҷыда аганахь ала. Убри аан акоронавирустә инфекциа адагьы ауаа злацәажәоз ирҭахыз ацхыраара акәын: фатәылеи-жәтәылеи хәшәылеи. Афонд агуманитартә цхырааразы иннахит 500 000 мааҭ. Агуманитартә акциа мҩаԥысуанаҵы 127 ҭаацәара афатә азы ацхыраара рыҭан (џьоукы-џьоукы изныкымкәа). Афонд анапаҵаҟа иҟоу рзы имҩаԥнагеит аԥареизгара, уи иалахәын астол гьежьқәеи аконференциақәеи рымҩаԥысра.

Аԥсны анапхгара акоронавирус рыдбалоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп ҳәа адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 27 рзы. Аҿкычымазара зыдбало Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа игәабзиара ҭышәынтәалоуп, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит, абри атәы амҽыша иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа.

Мышқәак рышьҭахь Аԥыза-министр Александр Анқәаб COVID-19 илоу иламу аилкааразы атест изыҟаҵан, ԥхынҷкәын 29 рзы ишьақәырӷәӷәахеит акоронавирус ицәа ишалоу. Александр Анқәаб атест анаиҭа ашьҭахь аҽыԥхьакра дцеит.

Акоронавирус аҿагылара

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны 8825-ҩык акоронавирус рыдырбалеит. Ргәы бзиахеит 6872-а, 118-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Ареспублика асанитартә ҳақьым хада илҳәеит COVID-19 чымазара еиҳа аҽанышьҭнакаауа

Аԥсны акоронавирустә ҭагылазаашьа уадаҩуп, аха хылаԥшра ауҭартә иҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Гәдоуҭатәи аковидтә центр данаҭаа ашьҭахь. иара иҳәеит гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны апациентцәа шырацәоу, аренимациатә ҟәша аҭыпқәа шҭәу.

Пицунда ԥхынҷкәын 28 рзы ҽынлатәи астационар аадыртит COVID-19 змоу рзы. Астационар аус шауло есыҽны асааҭ 9:00 - 16:00 рзы. Аԥхьанатә асааҭ 17.00 рҟынӡа ҳәа иазыԥхьаӡан, аха арзҩыдаратә усурақәа инарыдҳәаланы асеиԥш аграфик шьақәыргылан. Иара аратәи ахәыштәырҭа аҩбатәи аихагылаҿы иҟалоит, 12 иараҭыԥ рхиоуп, аха 20 рҟынӡа арҭбаара алшоит. Арахь инеир алшоит ибжьаратәуи иласуи аҭагылазаашьа змоу. Дара ара апроцедурақәа ирхысыр ҟалоит.

Ԥхынҷкәын 31 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәышәтәра аиҭакрақәа аланагалеит авирус иаҿагыло ахәышәқәа рганахь ала. Ачымазара ахәышәтәра аԥкаанҵа аҵыхәтәантәи абжьгарақәа рыла еиҿкаауп.

Амаининг

Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь адҵа ҟаиҵеит акриптовалиута аиура иадҳәалоу аԥкрақәа алагалазарц.

Тамбовский филиал ПАО Ростелеком - Sputnik Аҧсны
Аинтернет аҿы аамҭалатәи аԥкрақәа заларгалаз, уи аус шауло атәы иалацәажәеит

"2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа Аинформациа-телекоммуникациатә ҳа "Интернет" абонентцәа акриптовалиута аиураз аусура рылзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәа рдаҟьақәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рырбагақәа рхархәаразы аԥкрақәа алагалазааит", - ҳәа аҳәоит адҵа атекст аҿы.

Ԥхынҷкәын 30 рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит аҳәынҭнапхгараҭара, ареспубликатәи аунитартәи наплакқәа, аҳәынҭеилахәырақәа, аусбарҭақәа робиектқәеи рҵакырақәеи рҿы акриптавалиута аиуразы ахархәагақәа рықәыргылареи рыҵәахреи азин ҟанаҵом ҳәа.

Аԥсны Жәлар Реизара 2020 шықәсазы аҵыхәтәантәи аилатәара

Ԥхынҷкәын 30 рзы имҩаԥысит адепутатцәа реилатәара. Аԥсны Апарламент аҩбатәи аԥхьарала иаднамкылеит "2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект.

Квитанция - Sputnik Аҧсны
2021 шықәсазтәи Аԥсны абиуџьет аҩбатәи аԥхьарала ирыдрымкылеит

Апроект инақәыршәаны алагалақәа рыла аҳәынҭбиуџьет азеиԥш хышәаҵышәа 10 миллиардки 589 миллион мааҭ ыҟоуп. Аныхрақәа рыла –10 миллиардки 713 миллион мааҭ. Абиуџьеттә дефицит иартәеит 123 176,7 миллион мааҭ. 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хышәаҵышәа –8 миллиардки 502 миллион мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – х-миллиардки 949 миллион мааҭ абрахь иналаҵаны.

Ареспубликатә биуџьет азеиԥш ныхрақәа идыртәоит 8 миллиардки 625 миллион мааҭ. Адефицит 123 миллион мааҭ ыҟоуп. биуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак анапы ианҵоуп азакәан апроект аус аднауларц, иҟаҵо арҽеирақәа азыԥхьагәаҭаны.

"Абџьар азы" азакәан Апарламент аҿы ирыдыркылеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала.

Азакәан апроект рыдигалеит адепутат Илиа Гәниа. Иара иазгәеиҭеит азакәан анормақәа ишҳәаақәырҵо аҵәахра, аахәара, аҭира, аҭара, ашьҭрамдара  уҳәа рыԥҟарақәа. Адокумент аҿы иарбоуп аилкаара хадақәеи аҳәаақәҵара хадақәеи. Азакәан абџьар ахархәарала еихнашоит аграждантә, амаҵзуратә, аибашьыгатә, абџьар хьшәашәа ҳәа.

Аӡынтәи арекорд

Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иаҭааит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны атуристцәа. 2020-тәи ашықәс азы аныҳәамшқәа раан Риҵатәи апарк иаҭааит ф-нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа, уи 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳахеит 56% рыла.

Алифт ашахта иҭаҳаз аҷкәын

Гагра 16 шықәса зхыҵуа аҷкәын зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы. Убри аҽны иара Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган. Аҷкәын ихәдаџьали агәышԥы иахьаҵанакуа ибӷашшареи ԥҵәоуп, ихшыбаҩ ааха амоуп. Амашәыр иақәшәаз аҷкәын иан Елена Лысак Краснодарҟа дылгарц лгәы иҭоуп иҭагылазаашьа маҷк еиӷьхар, амҩа дықәугалар алшо ианыҟалалак. Иҟалаз арыцҳара згәы иалсыз ауаа аҭаацәа ирыцхрааразы, аҷкәын ихәышәтәразы асоциалтә ҳақәа рҿы аԥареизгара иалагеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0