Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Мышқәак раԥхьа 2020-тәи ашықәс "Абзиараз" ҳәа аҳәаны, ҳанҭалеит 2021-тәи Ашықәс ҿыц. Егьырҭ ҳашьҭахьҟа инҳажьыз ашықәсқәа реиԥш ииасыз ашықәсгьы аҭоурых адаҟьақәа ирзынхоит, зегьы ҳагәқәа рҿы агәалашәарақәа ааныжьны. Ашықәс ахыркәшамҭазы хәыҷгьы-дугьы ҳанхьаԥшны ҳазнысыз амҩа ҳхьаԥшуеит. Ҳзыхьӡазеи, ҳазхьымӡазеи? Еихаҳшьалоит ҳалҵшәақәа, ҳазҭалаз ашықәс азы иҟаҳҵараны иҟоу усқәак ҳрызхәыцуеит, хыдҵақәак шьҭаҳхуеит.
Еиуеиԥшым ашықәс иузыннажьуа агәалашәарақәа, ацәаныррақәа: иҟоуп угәы шьҭызхуа, есымша ухы-уҿы аччаԥшь ықәызҵо, узыргәырӷьо. Аха аԥсҭазаара игәырӷьахәу агәалашәарақәа мацара рыла изышьақәгылом. Иҟоуп улахь еиқәызҵо, угәы зырхәашьуагьы.
Ашықәс аҩнуҵҟа адунеи зырхыџхыџыз апандемиа аӡбахә ара исымҳәар ауам, уи акыр аԥырхага ҟанаҵеит, ргәабзиара ҵнашәааит миллионҩыла ауаа. Аха ацәгьагьы абзиа алубаар алшоит. Еснагь акәыр еиԥш игьежьуа, ҵыхәаԥҵәара змам аусқәа, аусурақәа знапы алакыз ауаатәыҩса аамҭаказ иаангылт, ачымазара аларҵәара арԥсыҽразы аҭагылазаашьа ҳаман аҩны аҟазаара. Аҩны, бзиа узбо аҭаацәара рыгәҭаны аҟазаара аӡәырҩы иреилнаркааит ҳәа сгәы иаанагоит досу иԥсҭазаараҿы иеиҳабацәа, иҭаацәа, иҭаацәара заҟа ихадоу, урҭ иурҭо аԥхарра шаҟа аҵанакуа, дара, бзиа иубо ргәабзиара адунеи аҿы иреиҳаӡоу малны ишыҟоу, жәаҳәарада, изыҩуагьы уахь сналаҵаны.
Ажәеи ажәеи еихҳәаауа сазыхынҳәырц сҭахуп сусура атема. Абар, ҳазҭалаз 2021 шықәсазы Sputnik Аԥсны анҭыҵтәи аусзуҩцәа среиуаны сҟалеижьҭеи, ари аусура сыԥсҭазаара иахәҭакхеижьҭеи хышықәса ҵуеит. Хаҭала сматериалқәа ззынархоу арубрика "Жәлар рдоуҳа" даҽакы еиԥшымкәа сгәы азыбылуеит. Ари арубрикаҿы, ишаԥу еиԥш, ҳҽазаҳшәоит аԥсуаа ҳжәытә-ҳҿатә, ҳҵас-ҳҟьабз узырбо хкы рацәала астатиақәа разырхиара, реидыҟәшәалара.
- Арубрика "Жәлар рдоуҳа" азы: аҩбатәи ашықәс хыркәшо>>
Ҩ-нызқьи ҩажәа шықәса иҭагӡаны Sputnik Аԥсны аԥсуа версиа рбеиоуп еиуеиԥшым ахырхарҭа змоу аматериалқәа рыла, сара сзы насыԥуп убарҭ рхыԥхьаӡара иахьалоу ҩынҩажәи ҩба инарзынаԥшуа атематика рацәа ҳәаақәызҵо сыстатиақәагьы. Убри ахыԥхьаӡара ахьынтә еиҳа ирылыскаауа, иреиӷьасшьо ҳәа ҳәашьа сымам, избан акәзар рыцыԥхьаӡа сыхәҭаахь ала ирыдуп аџьабаа, агәы-аԥсы.
Ҳаҭыр зқәу, бзиа иаабо ҳаԥхьаҩцәа! Ажәа мыцхәы шәасыршьырц сҭахым, абас иҟан ашықәс аҩнуҵҟатәи сылкаа хәыҷқәа. Агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟа аинтерес зҵоу астатиақәа разырхиара шсылшо.
Ҳазҭалаз 2021 шықәса ацә иашықәсуп. Ацә ауаҩы изааигәоу, иҵоуроу ԥстәуп. Аблақәа ирхубаалоит аразра, ауаҩы иҟәаҟәа иқәу аџьабаа ицеиҩнашоит, анхара-нҵыраҿы акыр ихәарҭоуп. Убри аҟнытә агәыӷра сымоуп ҳазҭало ашықәс агәырҩақәеи ачымазарақәеи ықәызхыша, ауаа зегьы ҳзы иҳалалны, игәазырҳаганы, ԥхьаҟа ацареи аҳәатәеиқәшәареи ирышықәсны иҟалап ҳәа.
Ауаатәыҩса адунеи иқәуижьҭеи Ашықәс ҿыц иахылҿиаахьоу алкаақәа ҭаацәарацыԥхьаӡа ирымазар ҟалап. Сыстатиа хыркәшауа, урҭ маҷк иадамзаргьы сырзааҭгылоит. Иаагозар, сабду "Ашықәс ҿыц ауха ажәҩан хтны аеҵәақәа убозар, ашықәсан аҽаҩра бзиахоит" иҳәон. Ус иагьыҟалеит сынтәа.
Ашықәс ҿыц ауал шуқәу аҭалара ҵасым рҳәоит, аха усҭалаз ашықәс раԥхьатәи арыцхәқәа рзы ауалшәара бзиам ҳәа азгәарҭоит. Ашықәс ҿыц иаԥылатәуп агәалақәа ааныжьны. Згәы еизынхаз ӡәыр шәыҟазар, шәеинаалароуп, шәгәынхарақәа ииасуа ашықәс иазыншәыжь.
Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы ибзиаӡам ихьанҭоу аусқәа шәҽырзышәкыр, аџьабаа мыцхәы шәхы иашәырбар, ашәықәс зегьы џьабаала имҩасуеит рҳәоит.
Ашықәс ҿыц уаԥылароуп зегь рыла угәы алаҟаны, фатәыла-жәтәыла уеинҭәыла, уеибаргәырӷьаҵәа зыцыԥхьқәа хаддыло арыжәтә џьбарала аныҳәаҿа аанукыларатәы.
Ҽаанбзиала, Аԥсны! Ҽаанбзиала, аҩызцәа!
Ишәымазааит агәабзиара, ишәыгымзааит агәырӷьара! Еснагь ицқьазааит шәыгәқәа, илашазааит шәхы-шәҿқәа! Имаҷхааит шәара шәгәы шәзырхьра! Ишәыгымзааит шәҭаацәа!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом: аԥсуаа рдунеихәаԥшразы азгәаҭарақәак
-
"Анасыԥ ахь ҳамҩа нагоуп": аҭаацәара алалара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа
-
"Угәарҭыԥ азҳааит!": арахәааӡара, асасдкылара, ашәарыцара ирыдҳәалоу аԥсшәаҳәашьа
-
Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа аԥсуа жәаԥҟақәа рхархәашьеи рҵаки иазкны