Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Афонтәи аҳаԥы иаҭааит жәанызқьҩык рҟынӡа атуристцәа

© SputnikНовоафонская пещера
Новоафонская пещера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаԥы аҩныҵҟа иахәҭаны ишьоу ахыхьчаратә уснагӡатәқәа зегьы ирықәныҟәон: асабрадақәа, арзҩыдара уҳәа реиԥш.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. 2021 шықәсазтәи ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Афонтәи аҳаԥы иаҭааит жәанызқьҩык рҟынӡа атуристцәа. Уи 2020 шықәсатәи аамҭа иаҿурԥшуазар ҩынтәны еиҳауп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.

"Аныҳәамшқәа раан аҳаԥы иаҭааит 10 737-ҩык, ииасыз ашықәс азы –  5 568-ҩык. Аԥаратә лагалагьы 5 миллионки 368 нызқьи 500 мааҭи
2 миллионки 784 нызқьмааҭи ҳәа еиҿырԥшуп", - иҳәеит Смыр.

Смыр иажәақәа рыла, асанитартә нормақәа еиԥҟьарада имҩаԥган иахәҭоу аҩаӡарала.

Аныҳәамшқәа раан аҳаԥы есыҽны аус ауан, ажьырныҳәа 11 инаркны аҳаԥы аҭаара аӡынтәи аусурахь ииасит. Мчыбжьык ахь ԥшьымш аус ауеит, уи ахашеи, аԥшьашьеи, асабшеи, амҽышеи роуп, асааҭ 10.00 - 18.00 рзы.

Афонтәи аҳаԥы адунеи еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу егьырҭ аҳаԥқәа ирындаҭлоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0