Апарламент актәи аԥхьарала аенергетикаҿ аилагарақәа рзы ахара арџьбарара аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии ратифицировал Соглашение с Сирией об отмене виз для дипломатов
Парламент Абхазии ратифицировал Соглашение с Сирией об отмене виз для дипломатов - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазтәи Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент раԥхьатәи ааԥынтәи асессиа аатит ахаша жәабран 3 рзы.

АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аенергетикаҿ аилагарақәа рзы ахара арӷәӷәаразы Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азакәан апроект.

"Административтә закәанеилагаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азкәан апроект иазԥхьагәанаҭоит аенергетика аусхк аҟны аус зуа азакәанԥҵара аилагаразы ахара арӷәӷәара. Азакәан апроект инақәыршәаны акриптовалиута аиуразы мегаваттк инеиҳаны афымцамчхара закәаншьаҭада ахархәаразы хышықәса аҭакреи амазара амхреи азԥхьагәаҭоуп.

Иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭо, азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит ҷыдала акриптовалиута аиуразы аусмҩаԥгараан афымцамчхара ауск азакәанԥҵара аилагаразы административтә ҭакԥхықәра ақәҵара. Уи административтә ҭакԥхықәра ахархәара зыҭоу афымцамчхара амҽхак иахьырԥшхоит.

Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2021
Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц

"Уи адагьы азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит еиҳа иџьбароу аҭакԥхықәра - ашықәс аҩнуҵҟа даҽазнык азакәан аилагараан административтә хараԥса ақәҵареи акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа рымхреи", - ҳәа аҳәоит азкәан апроект аҿы.

Закәаншьаҭада афымцамчхара ахархәаразы атәылауаа иреиҵаӡоу ауалафахәы 200-нтә ишьҭыхны ахараԥса рықәҵахоит. Амаҵзуратә хаҿқәа ирықәҵахоит иреиҵаӡоу ауалафахәы 500-нтә ишьҭыхны ахараԥса. Анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи - иреиҵаӡоу ауалафахәы 1000-нтә ишьҭыхны ахараԥса.

Анашьҭратәи аихшаратәи цәаҳәақәа иаку аоператор инапаҵаҟа иҟоу раԥшьра, анаҩс афымцамчхархәаразы атәылауаа ирықәҵахоит иреиҵаӡоу иреиҵаӡоу ауалафахәы 300-нтә ишьҭыхны ахараԥса.

Дмитрий Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2021
Аԥсны ААР ахада акриптовалиута аиуразы ахараԥса алагалара ахәшьара аиҭеит

Иҟоу азакәан еилаганы анаплакытә ма даҽа усурақәак рзы афымцамчхара ахархәараан иазԥхьагәаҭоуп ахараԥса - иреиҵаӡоу ауалафахәы 40-нтә ишьҭыхны киловатт-сааҭцыԥхьаӡа ахараԥса. Аиҭаҿаԥшьраан - иреиҵаӡоу ауалафахәы 50-нтә ишьҭыхны, акриптовалиута аиуразы амаругақәагьы рымхны.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа дырԥылеит. Ирылацәажәан ахараԥсақәеи ашьауси ралагалара афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы. Амаинерцәа рзы иазԥхьагәаҭан мегаваттк азы миллионки бжаки аԥара ашәара. Анаҩс административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкылеи Ашьаустә закәанеидкылеи рахь аиҭакрақәа ралагаразы азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа Апарламент ахь инашьҭын.

Ажәабжьқәа зегьы
0