Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа хәажәкыра 10 рҟынӡа ирыцырҵеит

© Sputnik / Акоп Кущян Измеряют температуру
Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 24 раахыс Аԥсны акоронавирустә инфекциа здырбало ауаа рхыԥхьаӡара еиҵахеит.

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацырҵоит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа Акоординациатә штаб 2021 шықәса жәабран 9 азтәи аӡбара шьаҭас иҟаҵаны.

Адокумент инақәыршәаны, хәажәкыра 10 рҟынӡа азин ыҟам:

  • ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара;
  • амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара;
  • аспорттә обиектқәа русура (афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатә бассеинқәа) аҳауаҿы абаҩрҵәыра-спорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ада;
  • СПА-салонқәа, асаунақәа русура;
  • арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура иарку азалқәа рҿы;
  • акомпиутертә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа русура.

Ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, ауаажәларратә транспорти атаксии рҿы ахыхьчаратә хархәагақәа рхархәара хымԥадатәиуп.

Ареспублика иахьаҵанакуа афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҟны аусура аҭыԥантәи ахадарақәа иҳәаақәырҵо аграфик инақәыршәаны еиҿкаатәуп.

Арԥсыҽрақәа:

2021 шықәса жәабран 15 инаркны азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә классқәеи (1-4 аклассқәа) русура алагара. Жәабран 22 инаркны аҵаратә процесс иалагар рылшоит 5-11 аклассқәа рҵаҩцәа.

Жәабран 15 инаркны акультуратә усҳәарҭақәа русуразы азин ҟаҵоуп, асанитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәаны.

COVID-19 аламырҵәаразы аштаб ажәалагалақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Аԥсны аковидҿагыларатә ԥкрақәа: COVID-19 аламырҵәаразы аштаб ажәалагалақәа

Жәабран 15 инаркны азеиԥшкрыфарҭатә обиектқәа адәаҿы русура хацдыркыр рылшоит асоциалтә дистанциа (1,5 метра еиҵамкәа) иахылаԥшны, амаҵуратә персонал ахыхьчагақәа рыманы.

Жәабран 22 инаркны акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи уаанӡатәи ррежим иазыхынҳәуеит асоциалтә дистанциа (1,5 метра еиҵамкәа) иахылаԥшны, атәарҭаҭыԥқәа 50 процент аиҳа имырҭәыкәа.

Агәабзиарахьчара аминистрра жәабран 15 аҟынӡа ишьақәнарӷәӷәароуп иарбоу аусбарҭақәа рзы ихымԥадатәиу асанитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи.

Атәылауаа ирабжьгоуп алахьеиқәратә усмҩаԥгатәқәеи зыҽрылазырхәуа ахаҿқәа рхыԥхьаӡара аԥкразы;

Абри аамҭазы икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц 2021 шықәса хәажәкыра 10-нӡа руалафахәы рызныжьны. Аусура инеиуа аусуҩцәеи аҭааҩцәеи хымԥада ахыхьчагатә материалқәа рыла еиқәшәазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0