Аԥсны аковидҿагыларатә ԥкрақәа: COVID-19 аламырҵәаразы аштаб ажәалагалақәа

Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥысит аҩаша жәабран 9 рзы Аҟәа.

Аԥсны жәабран 10 рҟынӡа акоронавирустә инфекциа зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьацлоз азы аԥкрақәа ырџьбаран. Иаркуп азеиԥшкрыфарҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, ахәыҷқәа рҽазыҟаҵарҭақәа, аспорттәи, акәашаратәи, арепетициатәи залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа, атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа. Иара убас иаркуп ахәмарырҭақәа, арлахҿыхырҭақәа. Уи адагьы, апассаџьырцәа сабрадада рымҩангара ҟалом.

Аштаб аилатәараҟны ажәалагала ҟаҵан жәабран 15 инаркны хаз игоу акультуратә усбарҭақәеи иара убас аҳауа цқьаҿы аус зуа азеиԥшкрыфарҭақәеи аусура иалагоит асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0