"Сара ақәра ду нысҵит. Ажәлар рзы сыҟоуп. Сырҿиамҭақәа зегьы ажәлар ирызкуп", - абас иҩуан Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа.
Ақәра ду нызҵыз аԥсуа быргцәа рышықәснҵыра феноменқәас ирымоу ҭылҵаауан америкатәи аҵарауаҩ, аетнологиеи аконфликтологиеи рыпрофессор Пола Гарб.
Аԥсны инхоз абыргцәа ирызкны иҭырххьеит афильмқәа, иҭрыжьхьеит ашәҟәқәа. Дара рышықәснҵыра зыбзоураз аилкааразы ирҭаауан аҵарауаа. Абыргцәа аҵарауаа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵо иазгәарҭон абас еиҧш: "Саагылазар адгьыл сықәаарыхуан, амцхә акы сгәы иасырсӡомызт, сзызхәыцуа. абзиара мацареи иахьатәи амши роуп".
Аԥсны анҵыҵ ахьӡ неиҩхьан абыргцәа рансамбль "Нарҭаа".
© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Шәышықәса зхыҵуа анхаҩы ачаи хихуеит.
Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Шәышықәса зхыҵуа анхаҩы ачаи хихуеит.
© Sputnik / Всеволод Тарасевич / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАгеронтолог Гьаргь Сыҷынааи ашықәс рацәа нызҵыз ипациентцәеи. Сыҷынаа 10-15 шықәса ирылагӡаны иҭиҵааит 127-ҩык абыргцәа ргәабзиара, иара еидикылеит иуникалтәу аматериалқәа.
Агеронтолог Гьаргь Сыҷынааи ашықәс рацәа нызҵыз ипациентцәеи. Сыҷынаа 10-15 шықәса ирылагӡаны иҭиҵааит 127-ҩык абыргцәа ргәабзиара, иара еидикылеит иуникалтәу аматериалқәа.
105 шықәса зхыҵуаз Маҳҭы Ҭаркьыл.
© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра1986 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Аныҳәаҿа ааникылоит абырг Ҭемраз Уанаҿа.
1986 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Аныҳәаҿа ааникылоит абырг Ҭемраз Уанаҿа.
© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Кәтол" аколхоз атәанчаҩы Адушьа Лашәриа 102 шықәса лхыҵуан.
"Кәтол" аколхоз атәанчаҩы Адушьа Лашәриа 102 шықәса лхыҵуан.
Абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" алахәыла Ҭемраз Уанаҿа.
© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛыхны ақыҭан абыргцәа жәлар рыхәмаррақәа рҟны еицлабуеит.
Лыхны ақыҭан абыргцәа жәлар рыхәмаррақәа рҟны еицлабуеит.
© Sputnik / А. Бочинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан - абырг имоҭацәеи иԥшәмаԥҳәыси.
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан - абырг имоҭацәеи иԥшәмаԥҳәыси.
© Sputnik / А. Бочинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҷандара ақыҭан, 101 шықәса зхыҵуаз абырг имшира аҽны. Аколхоз ахьӡала иара ҳамҭас аҽы ирҭеит.
Аҷандара ақыҭан, 101 шықәса зхыҵуаз абырг имшира аҽны. Аколхоз ахьӡала иара ҳамҭас аҽы ирҭеит.
© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасра115 шықәса зхыҵуаз Нуриа Ламиаԥҳа лыҷкәынцәа руаӡәки лареи.
115 шықәса зхыҵуаз Нуриа Ламиаԥҳа лыҷкәынцәа руаӡәки лареи.
Аҷандара ақыҭантәи абыргцәеи рмоҭацәеи
© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛыхны ақыҭан абыргцәа жәлар рыхәмаррақәа рҟны еицлабуеит.
Лыхны ақыҭан абыргцәа жәлар рыхәмаррақәа рҟны еицлабуеит.
© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәышықәса зхыҵуаз Лыхны анхаҩы ашахматқәа дыхәмаруеит
Шәышықәса зхыҵуаз Лыхны анхаҩы ашахматқәа дыхәмаруеит
© Sputnik / Чохонелидзе / Амедиаҵәахырҭахь аиасраХьфаф Лашәриа - ақәра ду нызҵыз дыруаӡәкуп, диит 1835 шықәсазы Гәыԥ ақыҭан. 1877 - 1878 шықәсқәа раан иҟаз амҳаџьырра хлымӡаах иацыз арыцҳарақәеи, агәаҟрақәеи лхыганы лыԥсадгьыл ахь дхынҳәит.1930-тәи ашықәсқәа раан Кәтол ишьақәгылаз аколхоз далахәын. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Ақәра ду илымоу амаӡақәа рдырырц азын илҭаауан хыԥхьаӡара рацәала ажурналистцәа, хкырацәала аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи. Илҳәоз аҳәамҭақәа ркьыԥхьуан, урҭ иахьа уажәраанӡа имаҷым аҭыԥ ааныркылоит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы. Иланашьан хыԥхьаӡара рацәала иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, аџьа аветерани, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветерани ҳәа. Хьфаф Лашәриа лыҧԥсҭазаара далҵит 1975 шықәсазы.
Хьфаф Лашәриа - ақәра ду нызҵыз дыруаӡәкуп, диит 1835 шықәсазы Гәыԥ ақыҭан. 1877 - 1878 шықәсқәа раан иҟаз амҳаџьырра хлымӡаах иацыз арыцҳарақәеи, агәаҟрақәеи лхыганы лыԥсадгьыл ахь дхынҳәит.1930-тәи ашықәсқәа раан Кәтол ишьақәгылаз аколхоз далахәын. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Ақәра ду илымоу амаӡақәа рдырырц азын илҭаауан хыԥхьаӡара рацәала ажурналистцәа, хкырацәала аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи. Илҳәоз аҳәамҭақәа ркьыԥхьуан, урҭ иахьа уажәраанӡа имаҷым аҭыԥ ааныркылоит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы. Иланашьан хыԥхьаӡара рацәала иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, аџьа аветерани, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветерани ҳәа. Хьфаф Лашәриа лыҧԥсҭазаара далҵит 1975 шықәсазы.
© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛыхны ақыҭан абыргцәа жәлар рыхәмаррақәа рҟны еицлабуеит.
Лыхны ақыҭан абыргцәа жәлар рыхәмаррақәа рҟны еицлабуеит.
© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТаркәыкә Лашәриа - 85 шықәса зхыҵуаз Кәтолтәи абырг.
Таркәыкә Лашәриа - 85 шықәса зхыҵуаз Кәтолтәи абырг.