Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Армазанԥҳа адистанциатә ҵаразы: ихәарҭоуп, аха ашколқәа раатра ҳазыԥшын

© Foto / предоставлено Аминой АрмазанАмина Армазан
Амина Армазан - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Драндатәи абжьаратә школ ажәеизатәи акласс аҵаҩы Амина Армазанԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит адистанциатә ҵара ашьҭкаара ахьынӡалылшази, насгьы ашколқәа русура аиҭахацыркразы ажәабжь шлыдылкылази ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: ашкол аушьҭымҭа Армазанԥҳа адистанциатә ҵаразы

"Онлаин формат ҳара иаҳа иаҳзымариазар ҟаларын арҵаҩцәа реиҳа, аха аԥхьа схаҭагьы исцәыцәгьан, анаҩс хәыҷы-хәыҷла ҳашьцыло ҳалагеит. Акарантин аҟны ҳахьынӡаҟаз ас еиԥш аҵара апроцесс даара иҳахәеит, аха ашкол аартра ҳазыԥшын, ҳгәы иаахәеит ҳцартә еиԥш алшара ахьҳауз, аха ҳгәабзиара ашьклаԥшра шаҭахугьы еилаҳкаауеит. Сара ААУ аекономикатә факультет сҭалар сҭахуп азы иаҳа игәцаракны аматематика, аԥсуа бызшәа амаҭәарқәа рҵара саҿуп. Аԥкрақәа раан аматематиказы ҳарҵаҩы иаалышьҭуан адҵақәа, ҳаргьы лара илзанаҳашьҭуа аҭакқәа. Уи ҳәарада, имариаз усмызт, арҵаҩы уаԥхьа дангылоу иузеилымкаауа зегьы иаразнак улазҵаар улшоит, аха араҟагьы ҳарҵаҩы иаҳзеилымкаауаз хәҭа-хәҭала еиҭаҳәаны иаалышьҭуан", -  еиҭалҳәеит Армазанԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0