Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиуразы ауал ақәуп

CC0 / / Лампочка
Лампочка - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Анапаҵаҩра
2016 шықәса раахыс ҭагалан-аӡын аамҭақәа рзы ареспубликахь афымцалашара аауеит урыстәылантәи.

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп ҳәа лҳәеит абрифинг аҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Регионы России. Крым  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2021
Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы Урыстәылантәи иаауа афымцалашара

Ԥхынҷкәын 11 2020 шықәсазы афымцалашара аара ианалагозгьы 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәын, уи адагьы ишәамызт 2019 шықәсазтәи 190 миллион мааҭ.

"Иахьазы 190 миллион мааҭ, 2019 шықәсазтәи ауал, акомпенсациа азууп Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. 619 миллион мааҭ ауал аҟынтәи 162 миллион мааҭ аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рыӡбра аҳәаа иҭакны ишәахоит. Иаанхаз макьаназ аԥаразоужьра азыҟазҵо шьақәыргылам" ҳәа лҳәеит Озган.

Лара илҳәеит Аслан Бжьаниа Урыстәыла анапхгарахь аҳәара ҟаиҵеит ари ауал ақәхра азҵаара аӡбразы. Озган илҳәеит абри ахырхарҭала аусурақәа шымҩаԥысуа.

Аминистр иара убасгьы дазааҭгылеит афымцамчхара атарифқәа рыцҵара азҵаарагьы. Аенергетика аусхк аҟны атарифтә политика аҭагылазаашьа иақәшәо иҟам.

ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Бжьаниа ахархәараз узхысыр ҟамло афымцамчхыԥхьаӡара атәы иҳәеит

"Атарифқәа зегьы асоциалтә ҭагылазаашьа иахьынҳалоуп. Аулафахәқәеи атәанчахәқәеи ирҿырԥшны актуалтә тарифтә политика узалацәажәом. Аха ҭыԥк аҿы агылара, аҽаӡәы ҳапроблемақәа анбеиӡбо ҳәа аԥшра иашам" ҳәа азгәалҭеит Озган.

Лара илҳәеит иахьатәи атарифқәа 2011 шықәса раахыс ишырымԥсахыц.

"Еилкаауп афымцамчхара ахәԥса атарифқәа ишырнымаало. Ари аҭагылазаашьаҿы аусура бзиа, еиԥҟьарада афымцалашара рыӡбахә аҳәара залшом" - лҳәоит Кристина Озган.

Лара иазгәалҭеит аҳәынҭқарра атарифтә политика аконцепциа аус адуланы асистема шьақәнаргылар шакәу.

"Ҳара атарифқәа рыԥсахра аԥшьгара ҳгәы иҭоуп. Ари азҵаара иалацәажәахоит аиҳабыра, Апарламент рҿы. Иалҳаршароуп акиловатт ахәԥса ашәара", - лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Убри аан иазгәалҭеит ипроблема дуны ишыҟоу алашара ахә амшәара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0