Аԥсны даҽа 32-ҩык акоронавирус рыдырбалеит

© AP Photo Behrouz MehrПоднос с вакциной Pfizer-BioNTech COVID-19 помещен в Токийский медицинский центр в Токио
Поднос с вакциной Pfizer-BioNTech COVID-19 помещен в Токийский медицинский центр в Токио - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12650-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11901-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 229-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 32-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 63-ҩык, урҭ рахьтә 51-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 18-ҩык пациент, Очамчыра ирхәышәтәуеит ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 24-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>

Ажәабжьқәа зегьы
0