АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду аҿы илеиз асы иахҟьаны амашьынақәа рныҟәара уадаҩхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААР ААИА аиҳабы Баҭал Агрба. Иара ишиҳәаз ала "Аԥсныавтомҩа" амҩа арыцқьара иахьӡом.
"Аусурақәа сааҭк аҩныҵҟа ирылгоит аслеира маҷк иахьеиҵахаз азы. Аусурақәа мҩаԥыргоит атехника ҷыда ахархәарала. Аԥсны ААИ аусзуҩцәа ацхыраара рырҭоит авторныҟәцаҩцәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан", - иҳәеит иара.
Агрба иазгәеиҭеит ақәеи аси рлеираан амҩақәа рҿы амашәырқәа ирыцлоит ҳәа, избанзар амшцәгьа зҽазыҟаҵоу маҷуп. Авариақәа амҩақәа рҿы аныҟәара дыруадаҩуеит ҳәа иҳәоит иара.
"Аҳәынҭавтоинспекциа ишәарҭадам аныҟәаратә режим иахылаԥшуеит. Иазхьаԥштәуп амашьынақәа рыбжьара адистанциа аҟазаара. Иахьынӡауа аццакыра ларҟәтәуп. Ашьаҟауаа ахьцәырҵуа аҭыԥқәа рҿы агәҽанызаара иацҵатәуп. Дара ашьаҟауаагьы акыр ргәы рҽанызароуп",- иҳәеит иара.
Амҩаҿы иҟало ауадаҩрақәа рзы адырра ҟаҵазар ауеит аусбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы абарҭ аҭелқәа рыла: 555- 51- 17 ма 002.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: