Алада Ешыра Шыцкәара аҳаблан иҭабгаз амҩа уажәыгьы иҟаҵаӡам

© Sputnik / Акоп КущянОползень в поселке Шицкуара
Оползень в поселке Шицкуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс хәажәкырамзазы Шыцкәара аҳаблан адгьылҳәазара иахҟьаны амҩа ахәҭак ҭабгеит. Уи апроблема иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы иҟоуп. Абри атәы Sputnik аматериал аҿы.

Ишеилкаахаз ала, Аԥсны асеиԥшқәа имаҷымкәа иҟалахьеит. Бедиа ду иҟалаз арыцҳара ашьҭахь Sputnik ахь адыррақәа аауа иалагеит Ҟәланырхәа, Анхәа, Алада Ешырантә. Ауааԥсыра еиҭарҳәон аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа ӡбамкәа ишрымоу.

Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭаҟны адгьыл ҳәазеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2020
Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭаҟны адгьыл ҳәазеит

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аҳәара мацара азхом

Аҭыхырҭатә гәыԥ ҳацны аладаешыратәи аҳабла Шыцкәара ҳаҭааит. Ара ииасыз ашықәс хәажәкырамзазы Шыцкәара аҳаблан адгьылҳәазара иахҟьаны жәа-метрак инеиҳаны амҩа ахәҭак ҭабгеит. Амашьына агеит, анцәа иџьшьаны арныҟәаҩ ԥырхага имоуит. Уи апроблема иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.

Ҳоператор аҭаҳара ҭиҵаауанаҵы ҳа ҳахь дааит аҭыԥантәи анхаҩы Гәырам Ҭарба. Иара иажәақәа рыла ачынуаа иаӡәымкәа ирызнеихьеит, аус аҭыԥ иқәҵахоит ҳәа агәыӷра рырҭахьеит, аха зегь цәажәараны иаанханы иҟоуп.

"Ақыҭанхаҩ аума иҭахума?! Алашара, амҩа. Ҳара аӡгьы ҳамам, еиҳарак аԥхынразы, уажәы алашарагьы амаинингқәа ирыхьҟьаны иҳамам, амҩагьы иара убас", - ҳәа иҳәеит Ҭарба.

Ари аҭыԥ аҿы 200 ҭаацәара рҟынӡа нхоит. Урҭ акаҭран зқәым, знысра уадаҩу ақыҭамҩала иахыкәшаны иныҟәалароуп.

Ауаажәларратә транспорт акрааҵуеит арахь имныҟәоижьҭеи. Арныҟәцаҩ адгьылҳәазара ашьҭахь аныҟәара даҟәыҵит. Иныҟәо ашколтә автобус заҵәык ауп.

Зхатә транспорт змам ианаамҭоу аусурахь рнеира атәы уадаҩуп, еиҳаракгьы амшцәгьақәа раан.

© Sputnik / Акоп КущянАлада Ешыра Шыцкәара аҳаблан иҭабгаз амҩа ауааԥсыра ахыкәшаны ишныҟәац иныҟәоит
Алада Ешыра Шыцкәара аҳаблан иҭабгаз амҩа ауааԥсыра ахыкәшаны ишныҟәац иныҟәоит - Sputnik Аҧсны
1/3
Алада Ешыра Шыцкәара аҳаблан иҭабгаз амҩа ауааԥсыра ахыкәшаны ишныҟәац иныҟәоит
© Sputnik / Акоп КущянАлада Ешыра Шыцкәара аҳаблан иҭабгаз амҩа ауааԥсыра ахыкәшаны ишныҟәац иныҟәоит
Алада Ешыра Шыцкәара аҳаблан иҭабгаз амҩа ауааԥсыра ахыкәшаны ишныҟәац иныҟәоит - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Аҭыԥантәи анхаҩы Едуард Аҩӡба иҳәоит ааигәанӡа ари аҭыԥ инахыкәшашәа ишныҟәалоз.

"Сгәылаԥҳәыс еиҭалҳәон ааигәа ажра дҭаҳарц ак шлыгымхаз", - ҳәа иҳәоит иара.

2020 шықәса абҵара-ԥхынҷкәын рзы ажра ахаҳә ҭарыԥсарц иалагеит, аха ирзалмыршеит.

"Аус зуаз ирасҳәеит ас аҟаҵара шамуаз. Зегь бзиахоит рҳәан, 50-60 машьына ахаҳә ҭарԥсеит. Жәабаҟа мшы амашьынақәа ныҟәон, нас еиҭа иҭабгеит", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.

Ахьы иаԥсоу аҭабгара

Алада Ешыра ақыҭа ахада Ҭамара Езыгәбаиаԥҳа лажәақәа рыла, аҟазауаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҩ-миллионк рҟынӡа иаԥсаны рыхә ршьеит. Ариаҟара аԥара араион абиуџьет иалшом.

"Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа ашәҟәы изааҩит. Акы иалагақәеит, ахаҳә ҭарԥсеит, аха акгьы иамыхәеит. 2020 шықәса абҵара-ԥхынҷкәын рзы акәын, уиижьҭеи ҟаҵа ыҟам", - ҳәа лҳәеит лара.

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иакәзар, аремонт ахәԥса жәа-миллионк рҟынӡа инаӡоит ҳәа адырра ҳаиҭеит. УКС ишьақәнаргылаз асмета аекспертизаҿ ишьҭоуп. Араион ари аҩыза алшара амам, ареспубликатә биуџьет амыцхраакәа.

Макьаназы шыцкәараа рымҩа ишахыкәшац иахыкәшоит.

Абри иазку авидеонҵамҭа шәахәаԥш абра>> Ишахыкәшац иахыкәшоит: шықәсык ҵит Шыцкәара ибгаз амҩа ус иҟоуижьҭеи

Ажәабжьқәа зегьы
0