Аси ашәҭқәеи, амреи амшыни: аԥснытәи аӡын асахьақәа

Анапаҵаҩра
Аԥсны аӡынра усҟак аҽарӷьеҩӡом. Убас сынтәагьы агаҿа иахьаҵанакуа асы маҷк ауп иахьықәнарҳәҳәаз, ашьхарақәа иахьрыԥну еиҳа иауит. Шәахәаԥш Sputnik ишәзеизнагаз сынтәатәи аӡын афотосахьақәа.

Шықәсқәак ҵуеит Аҟәа асы амуижьҭеи, аха сынтәа жәабранмзазы ара маҷк иқәнаршәшәеит. Амшын иахьаԥну, абжьааԥнеиԥш, уи шьҭамгылаӡеит. Ашьхара иахьаԥну џьара-џьара ақыҭақәа рҿы шьамхаҟынӡа иахьышьҭалаз ыҟоуп.

Асы рацәаны ишымлеизгьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра, еиҳарак ахәыҷқәа, уи даара иеигәырӷьеит. Илеиз ахәыҷы рҽалагӡаны, асеигәыдҵа ихәмарыз, асыуаҩ дҟазҵаз, баша ҳауафара индәылҵыз дубап.

Иагьа ус иҟазаргьы, сынтәатәи аӡын еиҳарак иԥхарран, уи аҟнытә заа ишәҭит амимоза, амагнолиа, иара убас абҳәаса. Уажәшьҭа ааԥын шааигәахаз умҩашьо иунардыруеит. Ари аҩыза аӡын рхыргарц Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа асасцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукШықәсқәак ҵуеит Аҟәа асы амуижьҭеи, аха сынтәа жәабранмзазы ара маҷк иқәнаршәшәеит. Афото аҿы - Аҟәатәи ашьха.
Шықәсқәак ҵуеит Аҟәа асы амуижьҭеи, аха сынтәа жәабранмзазы ара маҷк иқәнаршәшәеит. Афото аҿы - Аҟәатәи ашьха. - Sputnik Аҧсны
1/11
Шықәсқәак ҵуеит Аҟәа асы амуижьҭеи, аха сынтәа жәабранмзазы ара маҷк иқәнаршәшәеит. Афото аҿы - Аҟәатәи ашьха.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсы рацәаны ишымлеизгьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра уи даара иеигәырӷьеит. Ауаа рыдагьы, иара аҩнатә ԥстәқәагьы оумашәа ирбеит. Афото аҿы ала асы агьамагьы гәанаҭар цәгьа иабом.
Асы рацәаны ишымлеизгьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра уи даара иеигәырӷьеит. Ауаа рыдагьы, иара аҩнатә ԥстәқәагьы оумашәа ирбеит. Афото аҿы ала асы агьамагьы гәанаҭар цәгьа иабом. - Sputnik Аҧсны
2/11
Асы рацәаны ишымлеизгьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра уи даара иеигәырӷьеит. Ауаа рыдагьы, иара аҩнатә ԥстәқәагьы оумашәа ирбеит. Афото аҿы ала асы агьамагьы гәанаҭар цәгьа иабом.
© Sputnik / Томас ТхайцукИлеиз ахәыҷы рҽалагӡаны, асеигәыдҵа ихәмарыз, асыуаҩ дҟазҵаз, баша ҳауафара индәылҵыз дубарын.
Илеиз ахәыҷы рҽалагӡаны, асеигәыдҵа ихәмарыз, асыуаҩ дҟазҵаз, баша ҳауафара индәылҵыз дубарын. - Sputnik Аҧсны
3/11
Илеиз ахәыҷы рҽалагӡаны, асеигәыдҵа ихәмарыз, асыуаҩ дҟазҵаз, баша ҳауафара индәылҵыз дубарын.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ари афото иарҵабыргуеит аԥсуа аӡын анашанара шаҵоу.
Ари афото иарҵабыргуеит аԥсуа аӡын анашанара шаҵоу. - Sputnik Аҧсны
4/11
Ари афото иарҵабыргуеит аԥсуа аӡын анашанара шаҵоу.
© Sputnik Аха иауз асы агаҿа рацәак ишьҭамхеит, мышқәак рышьҭахь аԥхарра еиҭахынҳәит.
Аха иауз асы агаҿа рацәак ишьҭамхеит, мышқәак рышьҭахь аԥхарра еиҭахынҳәит. - Sputnik Аҧсны
5/11
Аха иауз асы агаҿа рацәак ишьҭамхеит, мышқәак рышьҭахь аԥхарра еиҭахынҳәит.
© Sputnik Иагьа умҳәан, амра хаа аныԥхо згәамԥхо ҳәа аӡәгьы дыҟамзар ҟалап.
Иагьа умҳәан, амра хаа аныԥхо згәамԥхо ҳәа аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. - Sputnik Аҧсны
6/11
Иагьа умҳәан, амра хаа аныԥхо згәамԥхо ҳәа аӡәгьы дыҟамзар ҟалап.
© Sputnik / Марианна Кубрава Аӡынра Аԥсны ишәҭит Суланж имагнолиа. Уи ҳпаркқәа жәпакы зырԥшӡо ҵиаауп. Абжьааԥны иара хәажәкыра-мшаԥы ирыбжьаркуа аамҭазоуп ианышәҭуа.
Аӡынра Аԥсны ишәҭит Суланж имагнолиа. Уи ҳпаркқәа жәпакы зырԥшӡо ҵиаауп. Абжьааԥны иара хәажәкыра-мшаԥы ирыбжьаркуа аамҭазоуп ианышәҭуа. - Sputnik Аҧсны
7/11
Аӡынра Аԥсны ишәҭит Суланж имагнолиа. Уи ҳпаркқәа жәпакы зырԥшӡо ҵиаауп. Абжьааԥны иара хәажәкыра-мшаԥы ирыбжьаркуа аамҭазоуп ианышәҭуа.
© Sputnik / Марианна Кубрава Уи адагьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан еиԥш, сынтәагьы заа ишәҭит амимоза.
Уи адагьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан еиԥш, сынтәагьы заа ишәҭит амимоза. - Sputnik Аҧсны
8/11
Уи адагьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан еиԥш, сынтәагьы заа ишәҭит амимоза.
© Sputnik / Марианна Кубрава Уи, хымԥада, ааԥын шааигәахаз зыршаҳаҭуа хҭысуп.
Уи, хымԥада, ааԥын шааигәахаз зыршаҳаҭуа хҭысуп. - Sputnik Аҧсны
9/11
Уи, хымԥада, ааԥын шааигәахаз зыршаҳаҭуа хҭысуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа зегьы бзиа еицырбо ԥсшьарҭа, неиааирҭа ҭыԥуп.
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа зегьы бзиа еицырбо ԥсшьарҭа, неиааирҭа ҭыԥуп. - Sputnik Аҧсны
10/11
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа зегьы бзиа еицырбо ԥсшьарҭа, неиааирҭа ҭыԥуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшәмацәа ҳадагьы, Аԥсны асасцәа амра, аԥхарра, амшын, агәҭынчра зҭаху уи иашьҭаланы иаауеит арахь.
Аԥшәмацәа ҳадагьы, Аԥсны асасцәа амра, аԥхарра, амшын, агәҭынчра зҭаху уи иашьҭаланы иаауеит арахь. - Sputnik Аҧсны
11/11
Аԥшәмацәа ҳадагьы, Аԥсны асасцәа амра, аԥхарра, амшын, агәҭынчра зҭаху уи иашьҭаланы иаауеит арахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0