АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб мызк аҩныуҵҟа жәохә еиҿкаара алалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аурыс уаԥшь.
Аԥсны иҟоу Аурыс уаԥшьи Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә казақцәа рыри рофис аҿы аусура иалагеит жәабран 1, 2021 шықәсазы
Аԥсны еиҿкаау аерман уаԥшь, абырзенцәа руаԥшь Владимир Путин идгылараз аштаб рҽаладырхәит.
Аштаб аиҿкаара адгылара арҭеит Аԥсны жәлар рпартиа ахантәаҩы Иакәыб Лакоба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны жәлар рартист Сергеи Габниа, Воронов ихьӡ зху Аҭҵаарадырра-культуратә центр ахантәаҩы Светлана Воронова, Афганисҭантәи аветеранцәа Аԥснытәи реидгыла ахантәаҩы Даур Ҵулукьиа.
Аштаб ахы аланархәит абаталион "Горец" аветеранцәа реидгыла Афонд. Афонд ахантәаҩы Вианор Ашба иазгәеиҭеит Владимир Путин Аԥсны ажәлар еснагь адгылара шриҭо.
Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб ауаа еиднакылоит, Аԥсни Урыстәылеи реимабзиара, реиҩызара арӷәӷәара иашьҭоу атәылауаа реизакра иазырхоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны абырзен уаԥшь Путин идгыларазы Аштаб аҽаланархәуеит
-
Аԥсны аерман уаԥшь Путин идгыларазы аштаб рҽаладырхәит