Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны даҽа 34-ҩык акоронавирус рыдырбалеит

© Sputnik / Максим Захаров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСанитарно-эпидемиологическая станция в Луганске
Санитарно-эпидемиологическая станция в Луганске - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13011-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12410-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 203-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 253-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Люди в масках в транспорте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Акоординациатә штаб ахада иабжьыргеит аковид аламырҵәаразы аԥкрақәа рыҿҳәара инахазарц

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 37-ҩык, урҭ рахьтә 24-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 13-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 9-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0