Ҳанацәа рныҳәаԥхьыӡ ҳаиқәнархеит: Роберти Варлами Ҳаразиаа реибашьратә мҩа

© Sputnik / Томас ТхайцукГумиста
Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15-16 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит 1993 шықәсазы арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылареи уи иалаӡыз ҳахьчаҩцәеи. Ари ажәылара иалахәыз ҩеишьцәа рԥацәа Роберти Варлами Ҳаразиаа ргәалашәарақәа ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Март 15-16, 1993 шықәса рзы, Гәымсҭатәи афронт аҟны имҩаԥган Қырҭтәылатәи архәҭақәа рҟынтә Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы арратә операциа. Имҩаԥгаз ажәылара иалҵшәаны, Аԥснытәи архәҭақәа рнапаҿы иааргеит астратегиатә ҵакы змаз, Аҟәа азааигәара иҟаз аҳаракырақәа. Аха, аҵыхәтәантәи аиҿахысрақәа рнаҩс, Аԥснытәи архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аибашьра аветеранцәа излазгәарҭо ала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара, зегь реиҳа иуадаҩыз жәыларан. Уи ажәылараҿы иҭахеит 222-а аԥсуа ар аибашьцәа, шәҩыла ироуит ахәрақәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Гәымсҭа аӡиас ҳаибашьцәа аныруаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2020
Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа

Лыхны ақыҭа ииз, иааӡаз ҩыџьа аишьцәа рԥацәа Роберти Варлами (Џьубеи) Ҳаразиаа аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа хьаҵрак ҟамҵакәан иалагылаз аибашьцәа иреиуоуп. Ирылахәын имҩаԥысуаз ажәыларақәа зегьы. Аибашьра ианалага аҽныҵәҟьа, абџьар кны иҩагылеит Роберт иашьцәа гәакьацәа хҩыки иареи, убас Варламгьы иашьцәа днарывагылеит.

"Аҩнусқәа ҳшырҿыз ауп ишҳаҳаз аибашьра ишалагаз атәы. Ҳҽааидкыланы ҳдәықәлеит еибашьра. Аха абџьар ҳәа акгьы ҳамамызт: аҳәызба, ашәақь уҳәа иаҳбоз, иаҳԥыхьашәоз шьҭаҳхит. Амҩа ҳанықәла, ҳгәаҳҽанырҵеит аҭагылазаашьа шшәарҭаз ала. Аҟәа ҳҩеит, "Ацҳа ҟаԥшь" ҳәа иахьашьҭаз ҳаизеит. Роберти сареи ацҳаҟны ҳаанхеит. Ақырҭуа вертолиот ала хыхьынтә ауаа ирылахысуа иалагеит, бџьарла даара ҳхьысҳан", - ҳәа ҳаиҿцәажәара ахы наиркит Варлам (Џьубеи) Ҳаразиа.

Усҟан 75 шықәса ирҭагылаз Роберт иаб иҽааидкыланы, ҳԥацәа ҳрывагылоит, сыжәгароуп еибашьра ҳәа акомандир иҟны дҩеит, аха мап ицәикит, иқәра иахҟьаны.

Инга Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2019
Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт

Ҳцәажәара иазыӡырҩуаз Роберт иан лгәы иамузт, ларгьы лгәалашәара ҳацеиҩылшеит: "Варлам иани сареи ҳгәы ҵәыуа, шаҟантә ажәабжь хлымӡаах ҳмаҳандаз ҳәа Анцәа ҳиҳәахьазеи уи аамҭа еиқәаҵәа аан. Ларгьы саргьы ҳаԥшьҩы ԥацәа агәар инҭыҵны ицеит еибашьра, иҟаҳҵахуаз, рыԥсадгьыл рыхьчар акәын. Уахык ҳацәа раҳаҭны ҳацәахьазма, ҳазшаз иоуп зегьы зыбзоуроу, ҳрыцҳаишьеит, сикәахшоуп, еибга Аиааира рыманы ихынҳәит", - лҳәоит Роберт иан Шамониа Барганџьиаԥҳа.

Анаҩс ражәабжь иацырҵеит аибашьцәа.

"Аишьцәа иҳаӡбеит ҳҽаҳшарц, ҳазынтәык џьара ҳаицыҟалар ицәгьахоит, ари еибашьроуп, уашьа дувыршьаар угәы даҽакала иҟалоит азы. Варлами сареи ажәыларатә бригадаҟны ҳаҟан. Иӡбахә сҳәар сҭахуп Алик Ҳаразиа. Гәымшәарала, ҳаԥхьа дгыланы, дыԥсыр шауаз шидыруазгьы, дцеит. Усҟан Аҟәа уалало иҟамызт, ақырҭцәа алан, ус изшәарҭазгьы, ҩымш рыла ашьхала зегьы еимданы дааит Алик", - ҳәа иҳәоит Роберт Ҳаразиа.

Роберти Варлами ирыцеибашьуаз рҩызцәа, рықәлацәа ирҳәоит шаҟа гәкамыжьра аадырԥшуаз, ашәара закәыз шырзымдыруаз. Ахәра акырынтә ишиоухьазгьы, Варлам зынӡа схы ԥхьаскып ҳәа игәы иҭеимкыцызт, аҳақьымцәа мчыла дрымҵны иашьцәа дрывагылан.

"Ианвартәи ажәылараан даара асы ӷәӷәаны илеит, амашьынақәа зныҟәаӡомызт, амашьына дуқәа рыла акәын изынеиааиуаз, уигьы шәарҭан. Ажәылара алагамҭаз аҩны сааны сыҟан. Ус сҩызцәа сышьҭаланы иааит, ажәылара ргәы ишҭаркыз атәы сарҳәеит. Амҩа ҳақәлаанӡа, сан аишәа аалырхиан, дҳақәныҳәаны ҳнаулыжьит. Роберт иҟны ҳахьааиз, уи иангьы ус дҳақәныҳәеит. Амҩа ҳшықәыз алашарбагақәа дырԥсит, ԥыҭк ҳаныҩаскьа, ҳмашьына ҳналбаан ҳҿынаҳхеит. Еиқәырццакны аицхысра иалагеит, ақырҭцәа иоурышьҭыз арҭҟәацга, иааины ҩ-метрак ҳаԥхьа инкаҳаит, аха иԥымжәаӡеит, уи даара инашанахеит, ҳанацәа рныҳәаԥхьыӡ ҳаиқәнархеит, рразҟы ҳаҵанакит", - ҳәа иҳәоит Варлам Ҳаразиа.

Марттәи ажәылараан ахәра шимазгьы, Варлам Ҳаразиа ахәышәтәырҭаҟны даанымгылакәа дцоит еибашьра.

Роберт Ҳаразиа даара ахысра дазҟазан. Ицәгьаз аҭыԥқәа, иахьшәарҭаз атәарҭақәа рҟынтәи деибашьуан. Марттәи ажәылараан Роберт иҩызцәа иманы "Аҩны иаҵәа" ҳәа иахьашьҭаз иҟан.

"Усҟан иҳарҳәеит ҳҭыԥқәа аанмыжькәа ҳтәазарц, аԥшыхәцәа неины ацхыраара ҳарҭар акәын, аха ус изалымҵӡеит, унеиртә иҟамызт, иакәшаны аӷацәа тәан. Ауха уа ҳаанхеит. Ҵхагәҭаны маҷк иааихсыӷьт ахысбыжьқәа, аха ирацәан аԥсҭбарақәа. Ԥшыхәра ҳцар акәын ашьыжь. Ҳзыҩназ аӷәтәы ҩны амца азыркуаз абомбақәа ақәрыжьуа иалагеит. Амца ыцәаанӡа ҳаԥшыр акәхеит, ашьҭахь ахәцәа ҳаманы ҳдәықәлеит. Ҳшааиуаз, ашәарҭара ҳҭагылеит, иахьабалак иакәшаны итәан, аӡы ҳҭалеит, еицыз ҳаицәхҟьеит. Сҩызцәа Рауф Шарамбаиеи Чепиа Ремзики иҳаулак аҩада амҩа ылганы ҳнырт", - ихьанҭоу игәалашәарақәа ҳзеиҭеиҳәоит Роберт.

Варлами Роберти ҭабиак еицҭатәан. Ацҳа аминақәа аҵаҵаны иҟарҵахьан заа, џьара шәарҭарак ҟалар иԥыржәарцаз.

Аамҭак азы Роберт дшьуп ҳәа рзаарыцҳаит рҩызцәа. Уи атәы игәаларшәо, Роберт ихаҭа иҳәоит:

"Усҟан ҳгәыԥ "Аҩны иаҵәа" ҳәа иахьашьҭыз ҳаҟан, ҳҭыԥ еиҭаҳкыртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамамызт. Аҩныҟа иаарыцҳаит сҭахеит ҳәа. Ари заҳаз саб шьапыла Аҟәаҟа иҿынеихеит, Афон днеихьан еиԥш, адабла исны ахәышәтәырҭахь днаргеит. Сара ишаасаҳаз еиԥш, сыԥсы шҭаз агәра исыргарц сҩеит ахәышәтәырҭахь", - ҳәа иҳәоит Роберт...

© Foto / предоставлено Робертом Харазия Руфбеи Шарамбаиа, Роберт Ҳаразиа
Ҳанацәа рныҳәаԥхьыӡ ҳаиқәнархеит: Роберти Варлами Ҳаразиаа реибашьратә мҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Руфбеи Шарамбаиа, Роберт Ҳаразиа

Ирацәоуп ирхыргаз аибашьцәа, аха ргәымшәара атәы алацәажәара хӡыргарак иадырҳәалоит...

Акыраамҭа иззыԥшыз Аиааира амш аҽны Егры иҩеины иҟан. Аха аибашьцәа ражәақәа рыла, зегьы акоуп ргәы ҭынчӡамызт, агәҽанызаара аарԥшлатәын аҵыхәтәанынӡа.

Рцәажәара хыркәшо, ирҳәеит акызаҵәык гәазыҳәарас ирымоу - шьала, лаӷырӡыла иаагоу ҳиааира атәы еилкааны, аҿар рбызшәа, рҵас, рқьабз пату ақәырҵарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0