Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Миқааԥҳа еиҭалҳәеит иарбан ӡрыжәтәу ауаҩы изы еиҳа ихәарҭоу

© Sputnik / Марианна Кубрава Астанда Микая
Астанда Микая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Аӡы ҭзыжьуа аилахәыра "Кәыдры" алабораториа аиҳабы Асҭанда Миқааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иарбан ӡрыжәтәу еиҳа ихәарҭоу, уи ииашаны ишыҵәахтәу.
Хра злоу ахҭысқәа: Миқааԥҳа аӡы ахаҭабзиара иазкны

Хәажәкыра 22 рзы адунеи аҿы аҳәынҭқаррақәа жәпакы иазгәарҭоит аӡы жәларбжьаратәи амш.

"Ҳтәылаҿы иҟоу аӡқәа зегьы цқьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аха дара зегьы еилазаарыла еиԥшӡам. Аӡрыжәтә цқьазароуп, аха иара иалазароуп анормативтә маҭәашьарқәа, ибеиазароуп аминиралқәа рыла. Акран аҟынтә иаауа аӡы рштәуп, уигьы знык ада иауӡом. Аӡыхьқәа рҟынтә ииагоу аӡы агьама ҷыда амамзар, иужәыр алшоит. Ԥсабарала, ӡык иамам аелементқәа егьы аӡы иамоуп аҟынтә акы иаалканы ажәразы ибзиоуп ҳәа узҳәом. Аӡқәа ԥсахлатәуп, иахьа уажәраанӡа ӡык ижәуа сыԥсҭазаара насыгӡоит ҳәа аҳәара ииашаӡам, избанзар, акы иалоу даҽакы иалаӡам. Аӡы ԥсабарала ихәарҭоу аелементқәа шалоу еиԥш ихәарҭамгьы алоуп. Убри аҟнытә араӡны анауҭалак урҭ аелементқәа ҵаҟа иартәоит, ус еиԥш х-литрак рҟнытә ҩ-литрак ужәыртә азин ыҟоуп, литрак кауҭәароуп", - еиҭалҳәеит Миқааԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0