Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт раԥхьатәи аԥсуа ҵарауаа рҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукФедор Тарба
Федор Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Асовет еидгыла иаҵанакуаз аҵиааҭҵааратә институт аҟәша аартын 95 шықәса раԥхьа, Аԥсны. Уи ала ихацыркын иахьатәи ақыҭанхамҩатә аинститут аҭоурыхгьы. Аԥснытәи ақыҭанхамҩатә аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит уи шыҟалаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭарба ақыҭанхамҩатә институт аҭоурых иазкны

"Ҳаинститут ашьагәыҭ Санкт-Петербург ацентр аҿы иҟан, уа зегь еидкылоу анаукатә ҭҵааратә институт аус аун. 230 000 хкы аҵиаақәа рыжәла иахьагьы уа иҵәахуп. Культурас иҟам ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аха уи ажәла, аҵиаа ахаҭагьы еиқәырхатәымзи, асубтропикатә зонақәа рҿы изызҳауа аҵиаақәа реиқәырхыразы иаартын Аҟәатәи аԥышәаратә станциа. Аурыс ҵарауаа зегьы аҵиаа ҿыцқәа ааганы, абра еиҭаҳаны, иҭырҵаауан, анаҩс ауп ақыҭанхамҩахь ианаларгалоз. Аурыс ҵарауаа дуқәа ҳара ҳҿы иҟарҵаз аҭҵаарақәа рыла аусумҭа дуқәа ҭрыжьит. Абас еиԥш аусура цон 1940 шықәсанӡа. Аибашьра ианалага, аҵарауаа зегьы Бақәаҟа ииган. Анаҩс, аибашьра анеилга еиҭа ирхынҳәын, аха усҟан аполитика аҽаԥсаххьан, усҟан ақырҭцәа рнапахьы иааргон зегьы, уаҟагьы ақырҭуа ҵарауаа аус руан. 1992 шықәсанӡа уа аус зуаз еиҳараҩык дара ракәын, аԥсуаа ҳмаҷын", – еиҭеиҳәеит Ҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0