АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша Урыстәылатәи аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкаараз анкетақәа 2021 шықәса мшаԥы 1 инаркны рыдкылара аграфик шьақәыргылоуп. Иазгәаҭоуп хәышықәса ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟәқәа роуразы жәабран 16 инаркны ашәҟәы иану рзы аграфик мшаԥымза анҵәамҭазы ишкьыԥхьхо.
Ирхиоу хәышықәсатәи атәылауаҩшәҟәқәа рырҭалоит ашәахьа - ахәаша, асааҭ 14.00 - 17.00 (ахәаша 16.00 сааҭ рҟынӡа).
Абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа разырхиареи ирхиоу абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи мҩаԥыргоит ашәахьа – ахаша, асааҭ 9.00 - 17.00 сааҭ рзы (аԥсшьараамҭа 13.00-14.00).
Атәылауаҩра аиурази аконсултә ҭагаларази адкылара ҟалоит ашәахьа – ахаша, асааҭ 9.00 - 17.00 рзы (13.00 - 14.00 аԥсшьараамҭа), ахәаша асааҭ 9.00 - 12.45.
Алегалтәра, анотариат, АҬАР, авизақәа роура, аршаҳаҭгақәа роура рызҵаарақәа рзы адкылара мҩаԥысуеит ашәахьа – ахәаша асааҭ 9.30 - 12.45 рзы.
Акоронавирус аламырҵәаразы Аконсултә ҟәша атәылауаа рыдкылара амедицинатә сабрадақәа рҿаҵаны, фҩы-фҩы иреиҳамкәа аамҭак азы шакәу ишрыдыркыло азы адырра ҟанаҵоит Ацҳаражәҳәарҭа. Ахьҭа зланы иҟоу ахаҿқәа рыдыркылом.