Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Матуаԥҳа аимҳәаду аҟынтәи зҽызхәышәтәуа рзы: СOVID-19 аӡәгьы дамыргәамҵӡеит

© Foto / предоставила Аида Матуа -ДогузияАида Матуа -Догузия
Аида Матуа -Догузия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
Аимҳәаду (атуберкулиоз - аред.) аҿагылара амш адунеи аҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 24 рзы. Ареспубликатә арԥҳачымазаратә хәышәтәырҭа амедиаҳәшьа еиҳабы Аида Матуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ачымазара ахәышәтәразы лшарас иҟоу, шаҟаҩы ачымазцәа рзышьҭоу атәы.
Матуаԥҳа аимҳәаду аҟынтәи зҽызхәышәтәуа рзы: СOVID-19 аӡәгьы дамыргәамҵӡеит

"Иахьазы 33-ҩык ҳзышьҭоуп. Аҩбатәи аихагылаҟны иаҳа иӷәӷәоу ачымазаҩцәа шьҭоуп, ахԥатәи аҟны ҿыц изыхьыз ачымазара, аԥшьбатәи аихагылаҿы имеиҭаҵуа ачымазара зыхьуа роуп ишьҭоу. Иҳамоуп амбулатортә фаза ҳәа ззаҳҳәо, ахәышәтәырҭаҟынтәи иҭыҵны ицахьоу, араионқәа рҟны зҽызхәышәтәуа 125-ҩык рҟынӡа. Урҭ шьҭа рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа рзы ишәарҭаӡам. Амбулатортә ҭыԥқәа рахь инеины ахәшәқәа ганы аҩны рҽырхәышәтәыр ҟалоит, еиҭаҵуа ачымазараҿкы рымаӡам", - лҳәеит Матуаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аимҳәаду аҟынтәи зҽызхәышәтәуа рахьынтә СOVID-19 аӡәы ихьит ҳәа шырмаҳац.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0