Асовет аамаҭазы Аԥсны ари аныҳәа раҩрыжьуамызт, "Аԥсны атеатр аусзуҩцәа реидгыла" ари амш азы еиуеиԥшымыз аиԥыларақәа мҩаԥнагон.
Иахьа иҟам атеатр аусуҩцәа еидызкыло иҷыдоу уаажәларратә еиҿкаарак, аха ҳтеатрқәа ари аныҳәа азгәарҭоит.
Асовет аамҭазы Аԥсны иҟан атеатрқәа хԥа – аԥсуа, ақырҭуа, аурыс (ТЮЗ). Аибашьра ашьҭахь арҿиара усқәа еиҳа иҭышәынтәалахо ианалага, инхаз ҩ-ҳәынҭқарратә театрк – С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Аурыс теар – инарыцлеит иҳәынҭқарратәхаз Тҟәарчалтәи акомедиатә театр, Аҿар ртеатр.
Атеатрқәа рзы имҩасыз ашықәс шықәсы хьанҭан, апандемиа иҳалаҳәаз дара еиҳагьы ааха рнаҭеит, избанзар ахәаԥшҩы дызмам атеатр уи театрӡам. Ҳчарақәеи ҳаиныхрақәеи раанкылара уадаҩхазаргьы, атеатрқәа русура ԥкын. Ҳазҭо амза жәабран 15 инаркны Аԥсны ахада иқәҵарала, асанитартә нормақәа инарықәыршәаны атеатрқәа аусуразы азин роуит. Азин ҟалеит, аха иахьазы аус зуа театрк ауп. Аус ауеит анысҳәо, ахәаԥшцәа зҭаауа РУСДРАМ заҵәык ауп.
Иазгәасҭарц сҭахуп, апандемиа аамҭазы атеатрқәа рышә аартызарц ақәгыларақәа мҩаԥызгоз Аурыс театр адиректор Иракли Хынҭәба иакәын. Асоциалтә ҳақәа ирыцклаԥшуа игәеимҭарц алшомызт, иара "ҽыҳәҵәыла" атеатр аартра дшазықәԥоз. Убарҭқәа рыдагьы, азин аныҟала, ахәаԥшцәа здызкылаз РУСДРАМ заҵәык ауп.
Адунеижәларбжьаратәи аҳәса рымш хәажәкыра 8 рзы, схазы аҳамҭа ҟасҵап сҳәан, ахәылбыҽха аԥшаҳәахьы сҿынасхеит атеатр саҭаарц. Зышә аартыз Аурыс театр заҵәык акәын, уи ауха Милана Ломиаԥҳа лмоноспектакль "Бродски" цон. Аԥсуа театр аус ауӡомызт, икыдмызт уи арепертуаргьы.
Ауха РУСДРАМ аҿы избаз аспектакль атәы сҳәозар, акыр сгәы алаҟаны сгьежьит аҩныҟа, ҳаԥсуа театр аус ахьамуа сгәы шеихьнашьуазгьы. РУСДРАМаа рыбзарӡы ҳҳәозар, уи аԥхьагьы Б. Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала Осман Абыхәба дахьыхәмаруа амоноспектакль ҳбахьан. Бродски иҩымҭақәа рыла иҳадгалаз аспектакль аҿы апоезиеи атеари реилаӡҩара лылшеит актриса Ломиаԥҳа, хымԥада, ақәыргылаҩ, асахьаҭыхҩы ррольгьы акыр иҳаракын, ус иҟан Абыхәба испектакльгьы. Атеатр ауаа рацәа идырҿио ҟазароуп, руакы хьысҳаны ҟалашьа амаӡам.
Иахьа акыр сҽазысшәеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ашә зарку аилкаара. Исымоу аинформациа ала, "атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны" макьана ахәаԥшцәа аднакылартә иҟам. Абри атәы ааигәа арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу анаиҭоз, Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба иҳәахьан "еиҳарак уадаҩрақәас иҟоу, анхамҩатә, атехникатә мзызқәа роуп" ҳәа. Уи шьақәлырӷәӷәеит сзацәажәоз атеатр адиректор ихаҭыԥуаҩ Манана Ҵәыџьԥҳа.
"Атеатр аҿы арепетициақәа цоит, аха атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны арепертуартә спектакльқәа ахәаԥшцәа идҳарбартә аҭагылазаашьа ҳамам, - лҳәеит лара, аха лажәа иалалҵеит, - Адунеижәларбжьартәи атеатр амш азгәаҳҭоит", - ҳәа.
Ииашаҵәҟьаны, Facebook аҿтәи рдаҟьаҟны Аԥсуа театраа иҳадыргалоит "Атеатр абжьы" захьӡу апроект ҿыц. Аныҳәа аҽны "Уарада" захьӡу рансамбль абжьала иаҳдырҳауеит аԥсуа ашәақәа. Изаманоуп, аха атеатр захьӡу зегь раԥхьаӡа иргыланы аспектакльқәа ахәаԥшцәа рыдгалара ауп.
Атехникатә мзызқәа ҳәа изҿу - уи амузыка ашьҭга, асцена аԥарда аартыга, иара убас, хыхь икнаҳау ахархәагақәа рнахаҩахара уҳәа иаҵанакуа рацәоуп. Атеатр адиректор ихаҭыԥуаҩ ишсалҳәаз ала, "ари акыр зхыҵуа проблемоуп", аха ибжьысу атехника ахәҭак аремонт азы Шәачаҟа ишьҭуп, иара убас, Санкт-Петербургнтәи аспециалистцәа ирзыԥшуп атехникатә уадаҩрақәа раԥыхразы.
Ажәакала, иахьа Аԥсуа театр атехникатә малырқәа ахьаиуз иахҟьаны, араҟа мчыбжьык ахь ҩынтә, хынтә иқәгылоз Ақәыԥшцәа ртеатргьы макьана арепетициақәа рымҩаԥгара ауп изҿу, асценахь ацәырҵразы алшара злаҟам ала. Уи атеатр адиректор ихаҭыԥуаҩ, актиор Мдар Сақаниа ишсеиҳәаз ала, дара рҩыза, актиор Бадра Ҷантуриа дахьҭахаз ршьара иқәнарҟьазаргьы, "аспектакльқәа ахәаԥшцәа дырбаразы ихиоуп". Уи адагьы, Шьалуа Гыцба имҩаԥигоит аспектакль ҿыц арепетициа (М. Мархолиа, А. Арнауҭ рҩымҭа "Амшаԥаҽны". Уи азкуп аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара, жанрла идрамоуп.
Аԥсуа театр азҵаатәы ҳазыхынҳәуазар, иахьазы дамаӡам аиҳабы. Абҵара 10, 2020 шықәсазы атеатр адиректор хада, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба имаҵура аанижьит. Уи аахыс иҵуеит абар ԥшьымыз. Аԥсны аиҳабыра макьанагьы Аԥсуа театр напхгара азҭаша ауаҩы дырзымԥшаац. Атеатр ҷыдала акультура аминистр дахылаԥшуеит, аха, еилкаау зҵаароуп, арҭ аҩ-уск реидбалара шымариам, атеатр даҭахуп анапхгаҩы. Аԥшәма иҟамзаара иахҟьозаргьы ҟалоит атеатр аҩнуҵҟа иҟоу атехникатә, арҿиаратә уадаҩрақәа.
Иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцозгьы, Аԥсуа театр аусура шаанкыламыз. Атеатр гастроль ҳасабла Москва ишыҟаз ауп аибашьра шеилгазгьы, аибашьра иалахәыз актиорцәа афронт аҟынтәи иамхны, ҳара ҳкультура агәы шеисуа аарԥшразы ус еиԥш иҟаз апроект нагӡан.
Сколонка анысыҩуаз аҭел сизасит Тҟәарчалтәи атеатр адиректор Заур Кьышьмариа. Аԥкра анамырх ашьҭахь аспектакль шәыхәмархьоума ҳәа азҵаара исҭаз аҭакс исоуит "мап". Адиректор иажәақәа рыла, дук хра имгакәа дара иҭрыжьраны иҟоуп "Ҳауа дарбану аҽада иақәтәоу?" захьӡу Роман Сабуа иқәиргылаз амузыкатә спектакль апремиера. Изҩызгьы ақәыргылаҩ иоуп. Тҟәарчалтәи атеатр арепертуар аҿы иҟоуп аспектакльқәа ааба. "Мазлоу зегьы злоу" (Шә. Ԥачалиа), "Алахшақәа" (М. Булгаков), "Ауаҩи аџьныши" (Р. Сабуа) уҳәа, еиҳарак акомедиатә хырхарҭа змоу ақәыргыламҭақәа. Иҟоуп арепертуар, аԥкрақәа амхуп, аха макьаназы Тҟәарчалтәи атеатргьы аус ауам ахәаԥшцәа рзы.
Уажәшьҭа зышә аарту РУСДРАМ ахь сгьежьуа иазгәасҭоит - асааҭ ахыц еиԥш ишыгьежьуа арҿиаратә ԥсҭазаара.
Шәахәаԥш, аԥсуа театрқәа хԥа, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны макьана ахәаԥшцәа акгьы рыдрымгалацзар, жәабран мза 15 инаркны Аԥсны ахада иҟаиҵаз ақәҵара инақәыршәаны Аурыс театр ашәқәа аанартит. РУСДРАМаа абри аамҭа иалагӡаны 24 репертуартә спектакль цәырыргеит. Урҭ ирҭааит 3 500 рҟынӡа ахәаԥшцәа. Иҭрыжьит ҩ-премиерак. Рҽазыҟарҵоит даҽа премиерак аҭыжьра, хықәкыла С. Лем ифантастикатә роман "Солиарис" иалху аспектакль мшаԥымза 3, 4 рыҽны иҭыҵуеит, иара убас, "Шәышықәса заҵәрала" ("Сто лет одиночества" Г. Маркес) арепетициақәа мҩаԥыргоит.
Иҳанаҳәозеи абри зегьы? Иҳанаҳәо убри ауп, еснагь аусура иазхәыцуа анапхгаҩи аколлективи ироуеит аԥхьагылара зцу алҵшәақәа. Атеатрқәа зегьы сшырҭаауагьы, иалкааны ҳара ҳмилаҭтә театр иахьатәи аҭагылазаашьа ахьысҳара ахьаныԥшуа акыр ихьаауп. Адунеижәларбжьаратәи атеатр амш 60 шықәса анахыҵуа аҽны, аԥсуа театрқәа хԥа аус рзуӡом мзызс иамазаалакгьы.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.